Аԥсны абиуџьет аусзуҩцәа рашәареи ԥхынгәымзеи уалафахәыда иаанхар ҟалоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото купюр
Архивное фото купюр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб рашәара 11 рзтәи аилатәараан ирылацәажәан атәылаҿ иалагалоу аԥкырақәа рырԥсыҽра алшара.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атәыла абиуџьет аусзуҩцәа рашәареи ԥхынгәи рзы ауалафахәы рмоур ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб рашәара 11 рзтәи аилатәараан.

"Иҟоу аԥкырақәа ирыцлеит афинанстә уадаҩрақәа. Хәымзтәи абиуџьет аплантә рбагақәа 98 процент рыла ихарҭәаауп, аха рашәарамзазгьы ус иҟалар ауеит ҳәа ҳазҳәом. Иҟалоит аҭагылазаашьа еицәахар. Аԥкырақәеи аекономикатә усура аангылареи аԥхасҭа ду ҟарҵеит", - иҳәеит иара.

Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра адыррақәа рыла, 2020 шықәса раԥхьатәи хәымз рзы абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа идыртәеит 849,7 миллион мааҭ, планла иарбаз 871,4 миллион мааҭ рҭыԥан.

Аплан анагӡара 97,5% иҟоуп. Ҵыԥхтәи ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны ашәахтәқәа ралагалара амҽхак 103,1% артәеит. Ашәахтә уал акәзар астандарт аҟынӡа илаҟәит, 102 миллион мааҭ артәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0