Россотрудничество Урыстәыла амш иазку ашахматтә турнир аиааирагаҩцәа аԥхьахәқәа рнаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОнлайн турнир по шахматам ко дню России
Онлайн турнир по шахматам ко дню России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла амш иазку ашахматтә турнир еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, ҳтәыла ашахматтә федерациа адгыларала.

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Россотрудничествои ареспублика ашахматтә федерациеи еиҿыркааз Урыстәыла амш иазку ашахматтә турнир 30-ҩык рҟынӡа алахәылацәа еизнагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аконсультант Михаил Масаев.

 Подведены итоги конкурса стихов, посвященных Дню России - Sputnik Аҧсны
Аконкурс "Урыстәылаз ажәеинраала" аиааирагаҩцәа Ацҳаражәҳәарҭаҿы аҳамҭақәа рырҭеит

Иара иажәақәа рыла, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы атурнир онлаин формат ала имҩаԥган.

"Изҭаху зегьы асаит ҷыдаҿ рыҽҭарҩыр ауан, акомпиутер еицыхәмаруаз еихнашеит. Алахәылацәа акибер-спортсменцәа ҳәа рзуҳәар ҟалоит", - иҳәеит иара.

Атурнир рҽаладырхәит ашколхәыҷқәа реиԥш аԥышәа змазгьы. Актәи аҭыԥ никылеит Артиом Табариан, аҩбатәи –Тристан Кәарцхьиа, ахԥатәи - Ҭемыр Лакрба.

"Ахьы" лоуит 11-шықәса зхыҵуаз Сарида Лакәатааԥҳа. Лара хәышықәса ҵуеит ашахмат дасуеижьҭеи, 48 медал ланаршьахьеит, илоухьеит 22 храҿеи 80 ҳаҭыртә шәҟәи. Лара еиуеиԥшым урыстәылатәи аиндаҭларақәа дрылахәхахьеит, зны-зынла онлаин, аха илҳәоит уеиҿатәаны уаныхәмаруа еиҳа аинтерес шаҵоу.

© Sputnik / Томас ТхайцукОнлайн турнир по шахматам ко дню России
Россотрудничество Урыстәыла амш иазку ашахматтә турнир аиааирагаҩцәа аԥхьахәқәа рнаҭеит - Sputnik Аҧсны
Онлайн турнир по шахматам ко дню России

Ашколхәыҷқәа рыбжьара аиааира игеит аԥшьбатәи акласс аҵаҩы Нестор Багаҭелиа. Иаргьы Сарида илҳәо дақәшаҳаҭхеит.

Атурнир аиҿкааҩцәа иара убасгьы аԥхьахә лырҭеит зегь иреиҵбыз алахәыла – аашықәса зхыҵуа Николь Карапетиан.

Урыстәыла амш иазку ашахматтә турнир мҩаԥысит аспорттауарқәа рыдәқьан "Логос" атехникатә дгыларала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0