Аԥсны ААР аамҭалатәи аҭакырҭаҿы ззин ыҟамыз амаҭәарқәа рылгоуп

© Foto / МВД РАПроверка ИВС МВД РА
Проверка ИВС МВД РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаандаҩцәа ахьҭаку аҭыԥқәа рҿы арежим ахылаԥшразы адҵа анагӡара инақәыршәаны Аамҭалатәи аҭакырҭақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥыслоит.

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Аамҭалатәи аҭакырҭаҿы имҩаԥган изаамҭанытәиу агәаҭарақәа. Абаандцәа ирымхын ззин ыҟамыз амаҭәарқәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

"Агәаҭараан абаандаҩцәа ирыдбалан асеиԥш аҭыԥқәа рҟны иумазар иҟамло: уԥызҟо амаҭәарқәа, аҭелқәа, урҭ раксессуарқәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ԥхьаҟагьы ирбаандаҩу ахьҭаку аҭыԥқәа рҿы арежим ахылаԥшразы адҵа анагӡара инақәыршәаны Аамҭалатәи аҭакырҭақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥыслоит ҳәа азгәарҭеит Аԥсны ААР апесс-маҵзураҿы.

Лаҵара 5 рзы Аԥсны ААР Аамҭалатәи аҭакырҭаҿы аминистр ҿыц идҵала агәаҭарақәа мҩаԥган. Усҟангьы иԥшааны ирымхын ззин ыҟамыз амаҭәарқәа.

Аиҭагәаҭара мҩаԥган лаҵара 17 рзы.

Лаҵара 21 рзы Аԥсны ААР ахатәшәарҭадаратә ҟәшеи ауаажәларратә шәарҭадаратә ҟәшеи русзуҩцәа аҳәса ахьҭаку акамерақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит, иҭакыз ирымхын ззин ыҟамзы амаҭәарқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны ААР аусзуҩцәа аныцәи абларкыгеи рыплантациақәа хыршьааит
  • Аԥсны ААР аԥхьакырҭаҿы иҭакыз ззин ыҟамкәа ирымаз амаҭәарқәа рымырхит

Ажәабжьқәа зегьы
0