Аԥсны атәанчахәқәа рыҭара аҿҳәара иахыԥоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыдача пенсий
Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәанчахәы роуеит 39 категориа ирыҵаркуа 44 685 тәылауаҩ. Урҭ рҟынтәи 29 000-ҩык рықәрахь иахьнеихьоу азы ироуеит.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны атәанчахәқәа рыҭара аҿҳәара мчыбжьык иахыԥоит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит. Абри иалацәажәан аԥыза-министр Александр Анқәаб Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариеи имҩаԥыргаз аусутә еилацәажәараҿы.

"Гәылариа иажәақәа рыла, Атәанчахәытә фонди, Афинансқәа рминистрреи, Амилаҭтә банки еиҭахәаԥшраны иҟоуп атәанчахәқәа рахыԥхьаӡалара аграфик. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ашәарақәа мҩаԥгахоит амза 25 инаркны", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа атәанчахәқәа ршәарақәа еснагь амза 18 рзы имҩаԥысуан.

Гәылариа иҳәеит Афонд абиуџьет аԥараҭалара ахьеиԥҟьо азы атәанчахәшәарагьы аҽеиҭанакуеит ҳәа.

"Асоциалтә хыдҵақәа рынагӡаразы Афонд есымзатәи аҭахрақәа 91 миллион мааҭ аҭахуп, иахьазы Афонд аԥхьаӡараҿы иҟоу 8 миллионки 400 нызқьмааҭ роуп", – иҳәеит Афонд ахантәаҩы.

Архивное фото купюр - Sputnik Аҧсны
Аԥсны абиуџьет аусзуҩцәа рашәареи ԥхынгәымзеи уалафахәыда иаанхар ҟалоит

Денис Гәылариа иазгәеиҭеит Афонд аҿаԥхьа ауалқәа рылхра рыҽшазыршәо.

Ашықәс хәымз рыҩнуҵҟа Афонд иахырыԥхьаӡалеит 260 миллион 586 нызқьмааҭ. Абри аамҭала 2019 шықәсазтәи ахыԥхьаӡалара иартәеит 262 миллиони 586 нызқьмааҭ.

"Сынтәатәи ашықәс азы Афонд мызктәи аҭахра 91 миллион мааҭ иҟазар, ииасыз ашықәс азтәи аҭахрақәа 20 миллион рыла еиҵан. Аҭахрақәа реизҳара анырра арҭеит атәанчахәқәеи ашәарақәеи зауа ркатегориақәак иахьырзацҵоу", - ҳәа рыҩуеит асаит атекст аҿы.

Аиҳабыра рхада Афонд анапы ианиҵеит аԥгаԥсатә лагалақәеи аԥгаԥса ҟазҵо рҭакԥхықәрақәеи хылаԥшра анаҭаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0