"Оскар", "Аҿар рыбжьы", "Цилиндр": акарантиншьҭахьтәи акультуратә афиша

© Sputnik / Томас ТхайцукЗрители
Зрители - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 15 инаркны Аԥсны акарантинтә уснагӡатәқәа рԥсыҽуп. Уажәшьҭарнахыс иҟалоит амассатә-культуратә, аспорттә, агәмырҿыӷьгатә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Аԥкырақәа раԥыхра акультура аусҳәарҭақәа рзы ныҳәак иаҩызахеит. Уажәшьҭарнахыс аҩны иҩнаханы иҟаз ҳуааԥсыра џьара инҭыҵны аԥсшьаразы алшара роуеит.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Атеатртә мшқәа

Уаҵәы иаатуеит РУСДРАМ ашәқәа раԥхьатәи ахәаԥшыҩцәа рзы. Урҭ ирыдгалахоит акомедиа "Оскар". Атеатр адиректор Иракли Хынҭәба ишиҳәо ала, актиорцәа асценеи ахәаԥшцәеи гәхьааганы иҟоуп. Аха атеатр ахь анеира зегьы ирзалмыршар ауеит, 500 ҭыԥ ахьыҟоу 200 билеҭ ракәхоит ирҭиуа. Уи зыхҟьо асоциалтә дистанциа иахьықәныҟәатәу ауп.

Русдрам  - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ аҿы еиҭарҳәеит ахәаԥшыҩцәа рыбжьара асоциалтә дистанциа шеиҿкаахо

"Ахәаԥшыҩцәа рыртәараҿы ҳара акапсулатә метод ҳхы иаҳархәоит. Ахәаԥшцәа рыбжьара аҭыԥ ҭацәқәа ҟалоит. Ауаа еицны иааизар, усҟан еидтәалар алшоит. Аха урҭ ргәыԥи даҽа гәыԥки рыбжьара иҭацәызароуп. Ҳара акоронавирус алаҵәараз ашәарҭара ыҟам ҳәа иҳазшьом, убри азы ҳахәаԥшцәа ршәарҭадаразы иахәҭоу мҩаԥаагоит", - иҳәеит иара.

Аԥсуа драматә театр акәзар, аԥхьарбарахь ааԥхьара ҟанаҵоит ԥхынгәы 7 рзы.

Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит атрагикомедиа "Цилиндр" (италиатәи акомедиограф Едуарда де Филиппо ипиеса, арежиссер - Бенар Ақаҩба). Аԥхьарбарахь изымнеиуа ирылшоит аспектакль ԥхынгәы 8 рзы абара.

Ԥхынгәы 16 рзы асценахь ихынҳәуеит Ромеои Џьульеттеи. Пхынгәы 23 Аԥсны аҳәынҭқарратә абираҟ Амш азы Аҳәынҭқарратә хортә капелла атеатр аконцерттә зал аҿы ақәгылара мҩаԥнагоит. Ԥхынгәы 28 рзы иқәыргылахоит аспектакль "Семра" (Рушьбеи Смыр ипоема иалху, арежиссиорр - Мадина Аргәынԥҳа).

Амузыкатә еиндаҭларақәеи араионқәа рҿы аныҳәақәеи

Есышықәса Аԥсны имҩаԥысуеит аҿар рхы ахьԥыршәо аиндаҭлара "Аҿар рыбжьы". Сынтәа апандемиа иахырҟьаны уи аҿҳәара инахан, аха акарантин анахырх ԥхынгәы 15 рзы имҩаԥгахоит.

Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа аԥкрақәа рырԥсыҽразы: иҭакыз ҳаиҩызан

"Ҳара аиндаҭлара "Аҿар рыбжьы" хымԥада имҩаԥгатәны иаҳшьоит, избанзар ргәы ҭамгыло иазыԥшуп, традицианы иҟалахьеит. Ибжьаҳажьыр аҿар агәаҳәара рцәыӡыр алшоит. Ҳара иаҳхықәку урҭ аҟазара радҳәалараоуп", - иҳәеит Sputnik аҿы Жәлар рҟазара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

Иара иазыԥхьагәеиҭоит араионтә ансамбльқәа реиндаҭлара ашәаҳәара аганахьала, аха макьаназы уи арыцхә шьақәыргылам. Жәларбжьаратәи афестивальқәа сынтәа имҩаԥымсыр алшоит иҟоу афинанстә ҭагылазаашьагьы инадҳәаланы.

Ԥхынгәы 23 рзы Гагра иаздырхиоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа аконцерт амҩаԥгара.

Ԥхынгәы 24 рзы Гәылрыԥшь Аиааира ду 75-шықәса ахыҵра амш азгәарҭоит. Араион ахадара, ашколхәыҷқәа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа амаланыҟәатә еиԥхныҩлара мҩаԥыргоит, нас аибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ԥхынгәы 3 рзы Гәылрыԥшь Акультура ахан аҿы аушьҭымҭацәа аттестатқәа рыҭара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0