Агәаҭаратә палата иаанарԥшит арепатриациа афонд аҟны ихықәкылатәым аԥараныхра аҭыԥ шамаз

© Sputnik Томас ТхайцукГоскомитет Республики Абхазия по репатриации
Госкомитет Республики Абхазия по репатриации  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, рашәара 18 рзы имҩаԥысыз Апарламент аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылеит 2018 шықәсазы Арепатриациа афонд абиуџьет шынагӡаз азы ақәҵара.

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik. Аԥсны Агәаҭаратә палата иаанарԥшит арепатриациа афонд аҟны ихықәкылатәым аԥарахархәара аҭыԥ шамаз ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смыр.

"Ҳнапаҿы иаҳку аҳасабырбақәа ишаҳдырбо еиԥш, Агәаҭаратә палата иаанарԥшит арепатриациа афонд аҟны ихықәкылатәым, ихырҳагам аԥарахархәара аҭыԥ шамаз. 2018 шықәсазы ирепатриантцәам рзы иаахәан х-миллионки 800 нызқьи мааҭ ҳәа ауаҭахи ҩбеи бжаки миллион мааҭ ҳәа аҩни", – лҳәеит лара.

Ауаҭах изаахәан уаанӡатәи Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба ҳәа азгәалҭеит адепутат.

Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаразиа арепатриациа азҵаара иазкны: жәлар рдипломатиагьы аус арутәуп

Афинанстә еилагарақәа рахьтә Агәаҭаратә палата иалнакааит убасгьы миллионк мааҭ инареиҳаны изықәхарџьхаз апальмақәа раахәара, урҭ Аҳәынҭеилакы ашҭаҿы еиҭаҳан.  

Адепутат иацылҵеит убасгьы, арепатриант истатус змам ауааԥсырагьы афонд аҟынтә аматериалтә цхыраара шрыҭаз.

Арепатриациа афонд аиҳабы Енвер Чамагәуа адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵауа иҳәеит, иахьазы амчра змоу азакәанԥҵара инақәршәаны, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы иҟанаҵо азыҳәарала шакәу афонд аԥара шоунажьуа.

Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент аилатәара мҩаԥысит аԥшьашы, хәажәкыра 18 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0