Аамҭа бзиа: Зинаида Лакәарԥҳа ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аус шылуаз

© Foto / из личного архива Зинаиды ЛакобаАхәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аус зуаз Зинаида Лакәабԥҳа
Ахәаахәҭратә центр Жәаҩакәара аҟны аус зуаз Зинаида Лакәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет аамҭазы Гагра иаатыз ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аусура иалагаз Зинаида Лакәарԥҳа еиҭалҳәеит ари аобиект "аамҭа бзиа" шаныԥшуаз атәы.

"Ацәгьа умбакәа, абзиа уздыруам" аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Иахьагьы ус ҳҳәо ҳалагеит адунеи апандемиа аналаҵәа, ҳашьҭахьҟа ҳанԥшы. Аха ҳаиҳабацәа, уи аԥхьаҟагьы "аамҭа бзиа" ҳәа азырҳәон Асовет Еидгыла аныҟазтәи аԥсҭазаара. 1976 шықәсазы, Гагра, "Гагараин" иашҭа ҳәа изышьҭаз аҵакыраҟны ҿыц иаатыз ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аусура иалагаз Зинаида Лакәарԥҳа еиҭалҳәеит ари аобиект "аамҭа бзиа" шаныԥшуаз атәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Автобусқәа рыла акурорт Гагра иаҭаауаз аинтуристцәеи, Асовет Еидгыла ауааԥсыреи зегь раԥхьа иахьымҩахыргоз "Гагарин" иашҭахь акәын. Араҟа игылаз ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара", акәша-мыкәша иаартыз ахәаахәҭра маҷқәеи рҿы, ауаҩы ихы-иԥсы иаҭахыз фатәума, жәтәума, маҭәоума, аҳамҭаҷқәа имоуаз ҳәа акагьы ыҟамызт.

Ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара"
Аамҭа бзиа: Зинаида Лакәарԥҳа ахәаахәҭратә центр Жәаҩакәара аҟны аус шылуаз - Sputnik Аҧсны
Ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара"

Ҷыдала ахәаахәҭратә центр атәы уҳәозар, уи х-еихагылакны иҟан. Актәи аҿы еиуеиԥшым адәқьанқәеи аԥшӡара асалони аус руан, аҩбатәи аҿы иаартын аресторан, ахԥатәи аҿы – абар. Иацҟаҵан аӷәраҵагьы (подвал), уаҟа ауарашжәырҭеи, ахинкалҟаҵарҭеи аартын. Адәахьала, аобиект ахьӡ зныз, лашарбагала иҩычаз аҩыра кыдан, усҟантәи аамҭазы уи аҩыза зехьынџьара иуԥыломызт.

© Foto / Andrey MskhalayaАхәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара"
Аамҭа бзиа: Зинаида Лакәарԥҳа ахәаахәҭратә центр Жәаҩакәара аҟны аус шылуаз - Sputnik Аҧсны
Ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара"

"Сара актәи аихагылаҿы Рудик Хагәышь еиҳабыс дызмаз адәқьан, асувениртә ҟәшаҿы аус зуан. Убас араҟа иҟан абаҭиирҭа, амаҭәа уӡахырц азы иҿауҵар ҟалон, иаартын агастроном, ааглыхратә дәқьан, ахцәыҟаҵарҭа уҳәа. Ашьыжь асааҭ жәба рзы адәқьанеишәа (прилавок) иадгылоз, уаха асааҭ аабанӡа ҳзадҵӡомызт. Атуристцәа х-цәаҳәакны агәаран иқәгылон. Аԥсны иҭрыжьуаз асувенирқәа еимакны акәын ишыргоз, иҟалалон атауар анырзымхоз", – илгәалашәоит аҭиҩы Зинаида Лакәарԥҳа.

© Foto / из личного архива Зинаиды ЛакобаАхәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аус зуаз Зинаида Лакәабԥҳа
Аамҭа бзиа: Зинаида Лакәарԥҳа ахәаахәҭратә центр Жәаҩакәара аҟны аус шылуаз - Sputnik Аҧсны
Ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аус зуаз Зинаида Лакәабԥҳа

Асовет тәылауаа еиҳа арԥшӡагақәа, иаҳҳәап Аҟәа иҭрыжьуаз амацәазқәа, алымҳарыҩқәа, ахәдахаҵақәа, анапхаҵақәа уҳәа ргозҭгьы, аҳәаанырцәтәи атуристцәа азҿлымҳара арҭон Аԥсны, лымкаала Гагра аҭоурых атәы зҳәоз аинформациатә ҟазшьа змаз амаҭәарқәа, ажурналқәа, ҳтәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа зныз амацақәа. Зинаида Лакәарԥҳа лажәақәа рыла, аахәаҩцәа ирыдыргаларц рылшон шәкы рҟынӡа атауар хкқәа.

"Усҟан зегьы рыхә мариан, акапеи акәын изыԥсаз, аха убас ишыҟазгьы, ҽнак 500-600 мааҭ рҟынӡа ахашәала наҳгон", – инаҵылшьит лара.

"Аамҭа бзиа" шыҟазгьы, Гагра араион аҟны аԥсуа ҿар рзы иуадаҩын аусура аԥшаара. Уи азы араҟа ашәҟәы уанызар акәын. Мчыла зшьапы азыркыз роуп, наҟ-наҟ еиҭах гәаҟрала ауаҭахқәа зырҭазгьы.

Ахәаахәҭратә центр дазыхынҳәуа, Зинаида Лакәарԥҳа илҳәеит аҩбатәи аихагылаҿы иҟаз аресторан ус баша мҩасҩык аҭаара шилымоз. Арахь иааиуаз ахыԥша змаз "ауаа дуқәа" ракәын. Ахԥатәи аихагылаҿы иаартыз абар аҿгьы итәоз, игылоз администраторцәа рылаԥш рхын, ишакәым ахымҩаԥгашьа дазусҭазаалакгьы ианарыжьуамызт.

© Foto / из личного архива Зинаиды ЛакобаАфото аҿы Зинаида Лакәабԥҳа, Шамониа Дбарԥҳа, Зита Лакәыиаԥҳа, Таиа Аџьԥҳа
Аамҭа бзиа: Зинаида Лакәарԥҳа ахәаахәҭратә центр Жәаҩакәара аҟны аус шылуаз - Sputnik Аҧсны
Афото аҿы Зинаида Лакәабԥҳа, Шамониа Дбарԥҳа, Зита Лакәыиаԥҳа, Таиа Аџьԥҳа

"Зехьынџьара ахәаахәҭра мҽхакыҭбаала имҩаԥысуан, убасҵәҟьа аиҿкаарагьы аԥҵан. ОБХСС (Отдел по борьбе с хищением социалистической собственности) ҳәа иҟаз аусбарҭаҟнытә лассы-лассы агәаҭарақәа еиҿыркаауан. Џьара капеик азымхар, уганы уҭаркуан", - ҳәа лажәа иацылҵоит аҭиҩы.

Ахәаахәҭратә центр архитектурагьы аинтерес аҵоуп. Ахыбра наҟ-ааҟ иадчаԥалоуп Кавказ абзазареи, акультуреи зныԥшуа аџьазтә сахьақәа. Дыҟамзар ҟалап советуаҩык Гагра иаҭааны ари ахәаахәҭратә центри, аҿаԥхьа ичаԥоу аӡыршәи иадгыланы зфотосахьа ҭызымхыц.

© Foto / Саида Жйба Ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара"
Аамҭа бзиа: Зинаида Лакәарԥҳа ахәаахәҭратә центр Жәаҩакәара аҟны аус шылуаз - Sputnik Аҧсны
Ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара"

Иахьа ари аобиект ахатәтәраҿы иҟоуп, мышкызны "аамҭа бзиак" азыҟаланы аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи аргәырӷьозар аабап. "Гагарин" иашҭагьы "Нарҭаа" рашҭа ҳәа иԥсахуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0