Иосиф Пригожин Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш лзы продиусерс дҟалоит

© Фото : из личного архива Милены БарцицМилена Барциц
Милена Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа "Детская Новая волна", ателееицлабрақәа "Голос. Дети", "Битва талантов" дрылахәын.

АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа Гнесинаа рыхьӡ зху Аестрадатәи аџьазтәи ҟазара ирызку Амузыкатә ҵараиурҭахь дыргоит амузыкатә продиусер Иосиф Пригожин иҟаиҵаз аҳәарала. Абри атәы аанацҳауеит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" Facebook аҟны аофициалтә даҟьаҿы.

Милена Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Милена Барцыцԥҳа амузыкатә шоу "Битва талантов" афинал ахь днеиит

Уи адагьы, Пригожин дақәшаҳаҭхеит ашәаҳәаҩ лыпродиусерси лырҵаҩыси иҟаларазы.

Милена лажәақәа рыла, лара Гнесинаа рыхьӡ зху Академиа аҭалара акыраамҭа лҽазыҟалҵон, апроект "Аԥсны аԥеиԥш" анапхгаҩцәеи апродиусер Иосиф Пригожини раԥшьгамҭа акәзар, оумашәа илбеит.

"Сара абри академиа аҭалара даара исҭахын, избанзар уа аус зуа зегьы зус здыруа, зыквалификациа ҳараку ҟазауаауп", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Иосиф Пригожин арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит иара гәахәара дула абаҩхатәра злоу аҿарацәа дышрыдгыло, дышрыцхраауа, уи аҩыза алшара аныҟоу.

"Ари аӡӷаб асцена ду ахь ацәырҵра лыԥхыӡ иалоуп, лара "Голос" далахәын, лыԥсҭазаара зегьы ашәаҳәара иазылкыр лҭахуп. Ари лҩыза ауаа маҷҩуп иахьатәи аамҭазы, аиаша шәасҳәап", - ҳәа азгәеиҭеит ашәаҳәаҩ қәыԥш лыпродиусер, иагьациҵеит Аԥсны ахьӡ ҭызго аҿарацәа шаҭаху.

Иара инаҵшьны иҳәеит зҟазара ҵаулоу ауаа дышрыцхраауа, аха урҭ мчыла иара игәы иақәшәо ахырхарҭа ацҵара шрыдимгало.

Аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа "Детская Новая волна", ателееицлабрақәа "Голос. Дети", "Битва талантов" дрылахәын. Лара Аԥсны агәыразра ацҳаражәҳәаҩыс дыҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0