Аԥсны акоронавирустә инфекциа амазааразы агәаҭара иахысит 45-ҩык атәылауаа

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ВОЗ адыррақәа рыла адунеи аҿы 9,2 миллионҩык COVID-19 рымоуп, рҽырхәышәтәхьеит 4 миллионки 600 нызқьҩык, 470 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

АҞӘА, рашәара 24-Sputnik. Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирустә инфекциа амазааразы агәаҭара иахысит 45-ҩык атәылауаа, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб.

"Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла аинфекциаз абиоматериал рымхын 45-ҩык ҳтәылауаа, COVID-19 уаҩы изышьақәыргылам", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи хәҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. 32-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0