Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 амазааразы игәарҭахьеит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на наличие антител к COVID-19
Тестирование на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалоуп ҳәа иашьоит.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. 2000-ҩык инархыҳәҳәо Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа апандемиаамҭаз ачымазара амазааразы игәарҭеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәараҿы.

"Агоспиталь аҿы зҽызхәышәтәуаз апациентцәа ргәабзиара шьақәгылоуп. Амчыбжь аҩныҵҟа рыҩныҟа иоушьҭхоит атест еиҭахыжьны. Иахьазы  "Аиҭар" ҩыџьа ауаа обсервациа иахысуеит. Урҭ медусзуҩцәоуп. Ахәшәқәа рзы гәаҟра ҳмоуит. Иахәҭоу зегь ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Аштаб аилатәара иалахәыз аԥыза-министр Александр Анқәаб  дазҵааит аԥкырақәа аԥырхыижьҭеи аҭагылазаашьа зеиԥшроузеи ҳәа.
Ҵахнакьиа иҳәеит  уи ашьҭахь х-хҭыск аҭыԥ шрымаз.

Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа аарԥшым

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит ари аинформациа ауааԥсыра рҟынӡа ишнагатәу, избанзар авирус ыҟоуп ҳәа хазымҵо, акурорт сезон аиԥҟьаразы ихәыцуп ҳәа ргәы иаанагоит.

"Иахьа амшхәаԥштә азҵаараҿы иқәгылоуп аҵаара акурорттә сезон аҟаларазы.  Зегь шәгәаанагарақәа шәҳәа. Иаку гәаанагарак ҳазкылымсыкәа абри атема ҳалацәажәалоит", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.

Аԥсны иҟаҵоу ашьаҿақәа зегьы зызку авирус алаҵәара алмыршароуп. Уажәы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа лҳәеит асанитартә ҳақьым хада  Лиудмила Скорик.

Ус шакәугьы, Аԥсныҟа массала атуристцәа дәықәлар, ауааԥсыра рзы ашәарҭара аҵоуп ҳәа лҳәеит лара.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0