Атуризм аминистрра аҳәаа аартра аганахьала ажәалагалақәа ҟанаҵеит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых в Гаграх
Отдых в Гаграх - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәаа адипломатцәеи урыстәылатәи аррамаҵзурауааи рыда аҳәаанырцәуаа зегьы рзы иаркуп мшаԥымза 9 раахыс.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб идигалеит атуристтә сезон алагаразы ажәалагалақәак.

Аплан инақәыршәаны аҳәаа етап-етапла аартра алшоит.

Аминистрра ажәадгалақәа:

  • Хәымш иреиҳаны асасааирҭақәеи асанаториақәеи рахь апутиовка змоу аҳәаанырцәуаа ареспубликахь алалара азин рыҭара.
  • Нас етап-етапла хымш иреиҵамкәа апутиовкақәа змоу аколлективтә гәыԥқәа атәыла алалара азин рыҭара.

Аминистрра аплан инақәыршәаны иаауа рнапаҿы иркызароуп:

  • Акоронавирус шрымам азы Роспотребнадзор зусура азин ҟанаҵо алабораториа ирнаҭаз аршаҳаҭга;
  • Аԥгаԥсатә полис;
  • Аԥсны аҵакыраҿы аамҭала иахьаангыло анхарҭаҭыԥ шьақәзырӷәӷәо адокумент.

Аԥсны аҳәаа аҳәаанырцәуаа рзы иаркуп мшаԥымза 9 раахыс, адипломатцәеи урыстәылатәи аррамаҵзурауааи аалхны.

Аԥсны аҩныҵҟа  COVID-19 рыдбалан 38-ҩык.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0