АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Шықәсыбжак аҩныҵҟа Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра рыҭара ирмариоу асхема азҵаарақәа ирылацәажәахоит ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿ.
Бжьаниа иазгәеиҭеит азҵаара Аԥсны ауааԥсыра рзы аҵак ду аманы ишыҟоу, хәышықәса раахыс ӡбышьак шамам.
"Абри аҟара аамҭоуп Аҩбатәи адунезегьтә еибашьра алагареи аилгареи иргаз. Ҳара аҭынч аамҭазы абри азҵаара аҭыԥ иаҳзықәымҵеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәыла атәылауаа Аԥсны атәылауаҩра роура аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ишазыԥхьагәаҭам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- 
Урыстәыла атәылауаҩра аиура еиҳа имариахоит 
- 
Бжьаниа ауалафахәқәа ршәара аамҭа иахыԥар шауа атәы иҳәеит 
