Машәыршақә иҟамлеит: Саида ахьӡ аныҟәгара лахьынҵас ишсоуз

© Sputnik / Илона ХварцкияСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахьӡ аиура иадҳәалоу, аинтерес зцу лхатә ҭоурых ҳзеиҭалҳәеит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.

"Ауаҩы иоуп ахьӡ зырԥшӡо" рҳәоит аԥсуаа ражәа иалаҵаны. Аха зегь акоуп асаби даниуа иани иаби, изгәакьоуи зегьы рҽазыршәоит ахьӡ ԥшӡа изыԥшаара, "ухьӡ уаԥсахааит" ҳәа анаҩс ражәа иалаҵо. Ажәларқәа разгәаҭарақәа рыла, ахьӡ адоуҳатә мчы амоуп. Убри азы, ахьӡ иашьагәыҭу ҭҵааны ауп рхәыҷқәа ишрырҭо. Сара исоуз ахьӡ Саида аҭоурых ҷыда амоуп. Уи аӡәгьы исыхьӡыимтәит, ахала саԥшааит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жьҭаарамзазы, аԥхынтәи ашәырқәа ахыӡӡаахьан, аха санду (саб иан) Ната Ԥкьынԥҳа ашьыжь шаанӡа ашҭа данықәла, авара игылаз аҵәаҵла ду аҵыхәтәантәи ашәыр, ааигәа иҟалазшәа иҟаԥшьӡа инҿшәаны икаҳаит. "Ари абзиара иатәуп, гәырӷьаҿҳәашоуп", - лҳәан игәыдыҳәҳәало аҩны дааҩналеит. Аҽны амоҭа длоуит, сиит сара.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа

Иахьа асаби ихьӡ аиҳарак ани аби роуп изҭо. Усҟан, аԥсуа ҭаацәараҿы ишаԥыз еиԥш аиҳабацәа, андуи абдуи ракәын иалызхуаз.

Сан, Дали сыхьӡылҵарц лҭахын, аха "Асида лыхьӡзааит" ҳәа санду аҳәара аныҟалҵа, аӡәгьы мап изымкит. Ус саб анапынҵа иҭаны, аиразы аршаҳаҭга ҟаиҵарц аҭар АҬАР ахь дрышьҭит. Аха убра иҟалеит слахьынҵа ианыԥшыз ахҭыс. Саб, Асида иҳәарц шиҭахыз дааҿаҳаҿасын Саида ҳәа имхаҳәеит. "Сҩашьашәа сгәы иабоит", - ҳәа АҬАР аусзуҩ ишлаиҳәазгьы, лара иаразнак ақьаад ианылҵеит.

Схы здыруа саныҟала, аинтерес кны сҭаацәа сразҵааит, шәыуа ахьӡ сызҭада ҳәа. "Аӡәгьы, ахала баԥшааит", - анырҳәа џьашьатәыс исзыҟалеит.

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Жьиԥҳа: ҳахәмарны аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит – Аԥсны зехьынџьара иҳамбакәа ҳшымԥсуа ҳәа

Астуденттә шықәсқәа раан, алекциақәа рҿы еиуеиԥшым атемақәа ҳанрылацәажәоз, ахьӡқәеи, урҭ рхылҵшьҭрақәеи ҳарзааҭгылалон. Сара "ахала сызԥшааз" ахьӡгьы аҭоурых аҭҵаара салагеит. И. Папасқьыр ироман "Аԥҳәыс лыпату" афырԥҳәызба хада Саида ахлыхьӡыз азы мацара ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥсышәалеи урыс бызшәалеи саԥхьеит усҟан.

Исаҩсыжьуамызт ахьӡқәа ирызкыз нҵамҭак, дырраҭарак. Ус сышнеиуаз еилыскааит, Саида араб хьӡы шакәу, насыԥ змоу ҳәа шаанаго, Кавказ иашьашәалахеижьҭеи хышә шықәса раҟара шҵуа. Аиашазы сгәы иаахәеит. "Ахала сызԥшааз" ахьӡ насыԥ амазаап, аха уи сыԥсҭазаара иахьынӡаныԥшуа маӡаны инхарц сҭахуп.

Санду иалылхыз Асида ажәытә бырзен хьӡуп, аҵыс ауп иаанаго ҳәа салҳәеит ари ахьӡ змоу сҩызак.

Дали - ақырҭуа шьаҭа амоуп, ашәарыцара анцәахәҭыԥҳа ауп иаанаго ҳәа хыҵхырҭақәак рҟны иануп.

Сара сыхьӡ Саида аныҟәгара лахьынҵас анцәа иахьсиҭаз азы иҭабуп сҳәоит. Машәыршақә ишыҟамлазгьы агәра згоит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0