Адунеи ссируп: аныҟәарақәа угәы ианҭымҵәо

© Foto / Саида ЖибаВена, Вольфганг Амадеи Моцарт
Вена, Вольфганг Амадеи Моцарт  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хымз реиҳа ҵуеит апандемиа иахырҟьаны Аԥсны аҳәаа аркуижьҭеи. Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа, ҳтәылауаа аӡәыр реиԥш, игәхьаалгоит аҳәаанырцә данцалоз лныҟәарақәа. Иахьа лара илгәалалыршәоит Австриеи, Словакиеи, Германиеи данырҭааз ирыдҳәалоу ахҭысқәа.

Хымз раахыс апандемиа иахырҟьаны Аԥсны аҳәаа аркуижьҭеи сызҭаахьаз атәылақәа рахь агәхьаагара самҽханакит. Лассы-лассы акәымзаргьы, Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы, Ҭырқәтәыла, Европа атәылақәа рахь шықәсык знык-ҩынтә сымцакәа иҟамлацызт. Иахьатәи аҭагылазаашьа иахҟьаны агәалашәарақәа сахьрызхьаԥшуа азы, ишәзеиҭасҳәар сҭаххеит раԥхьаӡа акәны Австриа саҭаара шыҟалаз.

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Жьиԥҳа: ҳахәмарны аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит – Аԥсны зехьынџьара иҳамбакәа ҳшымԥсуа ҳәа

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

2013 шықәсазы здунеи зыԥсаххьоу Лев Қьецба напхгара зиҭоз Гагратәи ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Афырҭын" Италиаҟа афестиваль ахь иааԥхьан. Сара журналистк лаҳасабала срыцны сцарц акәын. Аха амҩа иқәлараны иҟаз 50-ҩык рахьтә хәыҷи дуи налаҵаны Европатәи аҳәынҭқарра алаларазы авиза зырҭаз хәҩызаҵәык ҳакәхеит, егьырҭ мзызқәак ирхырҟьаны мап рыцәкхеит, убри алагьы афестиваль аҵыхәа ԥҵәеит.

Сара свиза мчыбжьык иалагӡаны схы иасырхәарц сылшон азы, Австриеи Германиеи инхоз саҳәшьаду лыԥҳацәа адырра рысҭеит руаӡә лахь анеира сылшоит ҳәа. Даргьы сеимаркуа ианалага, Австриа инхо деиҳабуп, уи лахь сцап сҳәеит.

Храм в Мокве - Sputnik Аҧсны
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит

Гагратәи аџьармыкьаҿы снеины аџьанџьыхәа, ахәырмарҩа, аххылақәа уҳәа игәхьааргоз афатә аалыҵқәа аахәаны, Шәачатәи аҳаирбаӷәазахь сцеит. Снапаҿы абилеҭ скымызт, аха сманшәалахеит. Австриаҟа ишиашоу ицоз ареисқәа ыҟамызт азы, Москваҟа сыԥрит, ашьыжь шаанӡа Венаҟа.

Венаҟа ицоз аҳаирплан Москва санақәтәа нахыс аинтерес зҵас ахҭысқәа рхы ыҵырхит. Ауха сызмыцәеит азы, сылацәа ҭаауан. Исыватәаз ҩыџьа аурыс ҭыԥҳацәа рыбжьы ҭыганы еицәажәон, иахьыҩналоз аотель ахь излацаша амҩа Вена ақалақь ахсаалаҿы иашьҭан. Саргьы санзмыцәа, "саҳәшьа уаҟа дынхоижьҭеи акрааҵуеит, усгьы дысԥылоит, ишәҭахызар лара шәлазҵаа" ҳәа расҳәеит, ианаҟәымҵ. Абжьааԥны Москваа аҟазшьа ҷыда рымоуп, ауаҩы изааигәам ҳәа рзырҳәоит азы, иҿаԥхаҿаччо аҭак ансырҭа џьашьатәыс исзыҟалеит.

Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит

Нас ԥсшьара ишцоз, рҩыџьегьы Вена рирамшқәа азгәарҭарц шырҭаххаз рҳәеит. Саргьы ҩымш рышьҭахь сирамш сыман азы, сразҵааит ианбыкәу ҳәа. Евелина захьӡыз, жьҭаара 8, егьи Кристина - 9 рзы ҳәа саҭаркит. "Унан, сара 7 рзы", - сҳәан, уамашәа ибауа ҳааибарччеит. Абас, аҳаирплан аҿы цәаҳәак атәарҭақәа аанкыланы ҳаидтәалан жьҭаара 7, 8, 9 рзы Австриа аҳҭнықалақь зирамшқәа азгәазҭоз аҭыԥҳацәа. Адгьыл ҳақәгылаанӡагьы еибаҳҳәеит ҳшеибабо, ҳныҳәақәа шеицымҩаԥааго.

Саҳәшьаду лыԥҳа Екатерина, аӡӷабцәа ишрасҳәаз еиԥш, дрыцхрааит, аотель ахь излацаша амашьына даԥхьеит. Ҳаиԥырҵаанӡа ҳҭелқәа еимаҳдеит, ҳаилаҵәа ҳцахьан азы.

© Foto / Саида ЖибаСаида Жьиԥҳаи, лаҳәшьа Екатеринеи, ҿыц идырҳаз Москватәи рҩызцәеи Братислава ақалақь аҟны
Адунеи ссируп: аныҟәарақәа угәы ианҭымҵәо - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳаи, лаҳәшьа Екатеринеи, ҿыц идырҳаз Москватәи рҩызцәеи Братислава ақалақь аҟны

Венатәи аԥсшьарамшқәа гәырӷьарала имҩасуан. Аӡӷабцәеи ҳареи есыҽны ҳаиқәшәон, саҳәшьа аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь ҳалгон. Убас, хымш инеиԥынкыланы ҳирамшқәагьы азгәаҳҭеит. Жьҭаара 7 рзы аӡиас Дунаи ҳхыланы Словакиа аҳҭнықалақь Братислава ҳцеит. Ари аныҟәара ҿыц исырҳаз аҩызцәа ҳамҭас исзыҟарҵеит. Адырҩаҽны, Евелина лирамш азы Венатәи азоопарк ҳаҭааит. Уи адунеи аҿы иаҵанакуа адгьыл алеи аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхыԥхьаӡаралеи иацназго маҷуп. Кристина лирамш азгәаҳҭеит Венатәи амилаҭтә чыс аресторанқәа руак аҿы.

© Foto / Саида ЖибаСаида Жьиԥҳа Братислава лымшира анылхылгоз
Адунеи ссируп: аныҟәарақәа угәы ианҭымҵәо - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳа Братислава лымшира анылхылгоз

Вена акомпозитор ду Вольфганг Амадеи Моцарт дахьииз ақалақь ауп азы, зехьынџьара ибиустқәеи ибаҟақәеи шьақәыргылоуп. Дахьынхоз аҩны ҳбарц азгьы ҽылатәи аныҟәара ҳҽанаҳҵеит. Саҳәшьа исалҳәеит, "араҟа алацәажәара бзиа ирбаӡом, аха Гитлергьы Вена ауп дахьиз, уи иҩнгьы бсырбоит" ҳәа. Аха усҟан сгәы иаҭахымхеит.

© Foto / Саида ЖибаВена, Иԥшьоу Стефан Иныхабаа
Адунеи ссируп: аныҟәарақәа угәы ианҭымҵәо - Sputnik Аҧсны
Вена, Иԥшьоу Стефан Иныхабаа

Шенбрунн аҳҭынра, Иԥшьоу Стефан Иныхабаа уҳәа иахьагьы сгәы иҭымҵәо, сзыршанхаз аҭыԥқәа рацәоуп.

Венатәи аоператә театр ҳамшқәа ирыҵаз ахаареи аԥшӡареи ҳаранакит. Зегь раасҭа сгәы иахәаз, амала ҳара ҳақәшәомызт, аха Хьыбла Гьерзмааԥҳа мышқәак рышьҭахь дшықәгылоз атәы зҳәоз афиша анызба ауп. "Ари даԥсыуоуп, Пицунда диит", - ҳәагьы деилсыркааит Москватәи сҩызцәа.

© Foto / Саида ЖибаШенбрунн аҳҭынра
Адунеи ссируп: аныҟәарақәа угәы ианҭымҵәо - Sputnik Аҧсны
Шенбрунн аҳҭынра

Германиа ԥасатәи аҳҭнықалақь Бонн инхо егьи саҳәшьа лахь сахьзымцоз гәнызгон, аха аа-сааҭк рыла дәыӷбала ушнеиуаз анеилыскаа, уахьгьы амҩа сықәлеит. Абас мчыбжьык ала Вена баны, Братислава сирамш азгәаҭаны, ҽнак Бонн салагьежьны Аԥсныҟа сааит.

Ари иџьашьахәу ахҭысқәа рыла ибеиоу европатәи сныҟәара, ахаангьы исхашҭуам. Адунеи аҟны апандемиа шаанҵәалак еиԥш, анцәа имчала, ҽаџьара сцозар акәхап.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0