Пицунда амҩатә машәыр аҭыԥ аман

© Foto / Пресс-служба ГенпрокуратурыАвария
Авария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи амҩаҿы ашьыжь асааҭ 4:20 рзы автомашьына Toyota Сrown аԥсҟы зкыз имч ақәымхазт, имҩа дахҟьаны аҵла даахеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Ҩыџьа ауаа амҩатә машәыр иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

"1991 шықәса рзы ииз Агәмаа Ремиз зыԥсҟы икыз амҩа атранспорттә хархәага Toyota Сrown имч ақәымхакәа, амҩа даныҵны аҵла даахеит. Агәмаа Ремизи ипассаџььыр Агрба Алхаси аҭыԥ аҟны рыԥсҭазаара иалҵит", - ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Ахҭыс инамаданы аусҭҵаара мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0