АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аҟәеи Очамчыреи иргылахо Сергеи Багаԥшь ибаҟақәа рыпроектқәа рыдкылара аҿҳәара инахоит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рҟынӡа алахәылацәа рзыҳәақәа рыҟамзааразы ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Сергеи Багаԥшь ибаҟақәа ықәыргылахараны иҟоуп Аҟәа ақалақь, иара ихьӡ зху ашҭаҿи Очамчыра ақалақь аҿи.
Аконкурс амҩаԥгашьа аҭагылазаашьақәа рдырра алшоит "Аԥсны аҩбатәи ахада С.У. Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы иаарту Жәларбжьаратәи аконкурс амҩаԥгараз" аԥҟарақәа рҿы.
Аконкурс рылаҳәан 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса, хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы Аԥсны ахадас далхын. 2009 шықәса рзы аҩбатәи аҿҳәарала ахадас деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса, лаҵара 29 рзы.