"Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" реилазаара дырҿыцуеит

© Sputnik Александр НатрускинУчредительный съезд благотворительного движения "Послы доброй воли Абхазии" в Международном мультимедийном пресс-центре МИА "Россия сегодня"
Учредительный съезд благотворительного движения Послы доброй воли Абхазии в Международном мультимедийном пресс-центре МИА Россия сегодня - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" аԥҵан 2017 шықәса рзы, Москва, аԥсуа диаспора раԥшьгарала. Актәи аилазаара иалахәын актиорцәа, арежиссиорцәа, аспортсменцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" реилазаара ҿыц ӡыргахоит ԥхынгәы 17 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Едгар Ӷәазаа.

Иара иажәақәа рыла, аилазаара ҿыц иалахәхоит аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аспортсменцәа, артистцәа Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи. Аиҿкаара афонд адиректор ҿыцс дҟалоит Едгар Ӷәазаа.

"Аилазаара ҿыц аус аулоит 2023 шықәсанӡа. Иазԥхьагәаҭоуп аԥсуа бызшәа, акультура, аспорт рыҿиаразы, абаҩхатәра зоу аҿарацәа рыцхрааразы апроектқәа. Иус хаданы иҟоу Аԥсны иҵоуроу ахыԥша аҳәаанырцә рырдырроуп. Аилазаара ҿыц уи алшап ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа иҳәоит иара.

"Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аԥҵан Москва, аԥсуа диаспора аԥшьгарала, 2017 шықәса рзы. Иара имҩаԥнагоит агуманитартә проектқәа агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аспорт русхк аҿы. Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәас иҟоуп акинорежиссиор Емир Кустурица, "Мисс мира" Ксениа Сухинова, ақәԥаҩ Денис Царгәыш, актиор Егор Бероев иара иԥшәмаԥҳәыс Ксениа Алфиорова, Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратәи рполитикатәи усзуҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0