АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартразы аԥкырақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 28 рҟынӡа днахеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа аӡәгьы акоронавирустә инфекциа иманы дыҟам.
Аԥсны апандемиаамҭа иалагӡаны авирус рыдбалан 38-ҩык, 37-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны Асанитартә-епидемиологиатә станциа акоронавирустә инфекциа алаҵәара ашәарҭара зырмаҷуа абжьгарақәа шьақәнаргылеит асасааирҭақәа русуразы.
Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 3 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿ абри атема далацәажәо иҳәеит, ҳара аҳәаа аартра ҳазыхиоуп иахьагьы, уи ҳуааԥсыра ԥырхага рнамҭозар ҳәа.