Афырхаҵа итурнир: Гьаргь Блаб испорттә ԥсҭазаара

© Sputnik / предоставлено семьей БлабГеоргий Блаб
Георгий Блаб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 22 азы адунеи зегь аҿы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи абокс амш. Абри амш азы Аԥсны имҩаԥыргоит Гьаргь Блаб игәалашәара иазку атурнир.

Аспортсмен, СССР аспорт азҟаза, Леон иорден занашьоу Гьаргь Блаб иԥсҭазаареи испорттә кариереи Sputnik аматериал аҟны.

Асида Кәыҵниаԥҳа, Sputnik

Гьаргь Блаб абокс инапы алеикит аашықәса анихыҵуаз, Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы. Ашкол даналга Ереван аспорт-ротаҿ аррамаҵзура дахысуан. Уи ашьҭахьгьы активла абокс далахәын.

Гьаргь хықәкны иҿаԥхьа иқәиргылеит аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ аԥсахара, аха иаамҭа зегьы абокс изақәырӡуамызт. Гьаргь испорттә кариереи иусуреи еилаигӡар акәын. Атурнирқәеи аиндаҭларақәа дырзыҟаиҵон СССР аспорт азҟаза, Аидгылазегьтәи акатегориа аӡбаҩ Заур Ӷәаџьаа.

24 шықәса анихыҵуаз Гьаргь Блаб ихықәкы наигӡеит, Ташкент имҩаԥысуаз Аидгылазегьтәи атурнир аҿы СССР аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихырҵеит Аидгылазегьтәи акатегориа аӡбаҩ инапынҵақәа рзин иманы.

Иқәра иахьырԥшны абоксиор испорттә кариера ааныжьны аӡбареи азыҟаҵаратә усуреи рахь диасит.

© Sputnik / предоставлено семьей БлабГеоргий Блаб
Афырхаҵа итурнир: Гьаргь Блаб испорттә ԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Георгий Блаб

Ақалақь гәакьа

Гьаргь шьҭрала Пицундатәын. Ароуп раԥхьаӡа акәны ахәыҷқәа рзы абокс азы ашкол ахьааиртызгьы.

"Гьаргь ҳақалақь аҿы раԥхьатәи зыҟаҵаҩхеит. Асекциа аартын 1988 шықәса рзы. Аха шықәсык ааҵхьаны аполитикатә ҭагылазаашьа еибарххеит, асекциагьы аусура ааннакылеит. Нас аибашьра иалагеит. Абокс аӡәгьы игәалашәо иҟамлеит", - иҳәоит аспортсмен иаҳәшьаԥа Валериан Арлан.

Аспортсмен иаҳәшьа Етери Блабԥҳа лашьа уаҩ гәыразны дылгәалалыршәоит. Лара лажәақә рыла, раԥхьаӡа акәны иибаз ауаагьы рыцхыраара дазыхиан.

"Пицундаа аӡәырҩы дрыцхраахьан аусураҿ аума аҵара аҭалараҿ аума. Аусурҭа уоурц азы ақалақь аҿы ашәҟәы уҭаҩзар акәын. Уи ақырҭцәа ирыԥҟарран аԥсуаа аҭыԥ рмоурц азы. Сара усҟан аҳәынҭқарратә структураҿ аус зуан, издыруан аԥараз изҭаху дҭазыҩуаз ауаа. Гьаргь аӡәы ипаспорт шә-мааҭк нагәылаҵаны исиҭон аус ҟаҵарц. Пицунда Жәларбжьаратә курортын. Акрааурыхыр улшон. Ҳаҩнаҿы мацара сашьа фҩык атәымуаа ҭеиҩит", -  еиҭалҳәоит Етери.

Аҩныҟа мҩахәасҭала

Аибашьра ианалагаз Гьаргь Блаб Саратов дыҟан. Етери илгәалалыршәоит аҳаирплан хымш рышьҭахь шакәыз иныԥыруаз анеилылкаа дшеигәырӷьаз, лашьа дхынҳәаанӡа еилгап ҳәа дышгәыӷуаз.

© Sputnik / предоставлено семьей БлабГеоргий Блаб
Афырхаҵа итурнир: Гьаргь Блаб испорттә ԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Георгий Блаб

Аха Гьаргь дымԥшыкәа Краснодарнӡа дааит, нас Шәачанӡа. Гагра ақырҭцәа рнапахьы иргахьан, аха иара ашьхамҩала Пицунда иаҳәшьа лҟны днеиит.

"Иаара сазыԥшымызт. Оумашәа дызбеит. Узаазеи ҳәа дыскит, цәаныррак сызцәырҵит. Аибашьра анцо сҽышԥасҵәахуеи ҳәа сирԥхашьеит", - лҳәоит Етери.

Гьаргь ҩ-автоматки х-иашьыкьк апатронақәеи џьара иԥшааит. Ақалақь агәаҿы ауаа еизаны иҟан, аӷа иҿагылара еиҿыркаауан. Жьҭаарамза алагамҭаз Гагра аҭарцәразы аоперациа хацыркын.

"Ажәылара аламҭалаз иҳаи-деи ыҟамызт. "Ақәыԥшцәа еибашьра ицоит, урҭ ак рыхьыр рҭаацәа сышԥарҿаԥшуеи. Еиӷьуп аԥхьа сцар", - иҳәеит иара. Ус иагьыҟалеит. Гагратәи аоперациаан 39 шықәса шихыҵуаз дҭахеит".

© Sputnik / предоставлено семьей Блаб Георгий Блаб
Афырхаҵа итурнир: Гьаргь Блаб испорттә ԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Георгий Блаб

Гьаргь Блаб игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи атурнир еиҿкаан 1994 шықәса рзы аспортсмен иазыҟаҵаҩ Заур Ӷәаџьаа иаԥшьгамҭала.

"Гьаргь Блаб игәалашәара иазкыз Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥган имшира аҽны, абҵара 7 рзы. Ԥсоу аҳәаа адмыркыцызт. Ауаа Аԥсныҟа аара иацәшәон. Ус шакәызгьы атурнир алахәхаразы Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск, Ҟазахстан, Белоруссиа рҟынтәи 70-ҩык инарзынаԥшуа иааит. Атурнир аӡбаҩцәас иҟан Заур Ӷәаџьаа, Леонид Ҳаразиа, Сергеи Ануа, урыстәылатәи рколлегацәа. Атурнир Пицунда бжьымш ицон", - ҳәа еиҭеиҳәоит Валериан Арлан.

Етери Блабԥҳа илҳәоит 2000 шықәса рзы Ростов-на-Дону лыҟазаараан лылаԥш шақәшәаз абокс азы атурнир афиша. Лааигәараҵәҟьа имҩаԥысуан. Днеирц лыӡбеит. Заҟа игәадурахазеи абра лашьа иӡбахә ахьлаҳаз.

"Аринг ахь инеиуаз спортсменк илшарақәа анеиқәырыԥхьаӡоз сшазыԥшӡамыз Гьаргь Блаб игәалашәара иазку атурнир аҿы аиааира игеит ҳәа рыларҳәеит", - илгәалалыршәоит лара.

Пицунда иаартуп абокс ашкол, Гьаргь Блаб ихьӡ зху. Ара аус иуеит заб ишьҭра иқәлаз аспортсмен иԥа.

Ажәабжьқәа зегьы
0