iPhone зҭаҵәахыз амашьына: Урыстәылантәи Аԥсныҟа аконтрабанда алагалара аанкылоуп

© Foto / пресс-служба Сочинской таможниСочинские таможенники предотвратили вывоз незадекларированных мобильных телефонов.
Сочинские таможенники предотвратили вывоз незадекларированных мобильных телефонов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконтрабанда зҭаз автомашьына Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауан аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи ианааныркылаз.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аусзуҩцәа Аԥсны атәылауаҩ имашьына ааныркылеит iPhone аконтрабанда ҭаҵәахны ҳәа аанацҳауеит Шәача аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Атауармҩангагатә документқәа рҟны иарбан хә-тоннак рҟынӡа афатә аалыҵ рыхьӡ.

Аҳазалхыҩцәа атранспорттә хархәага ангәарҭоз амашьына иаҵаҟаҵаз аиашьыкь аҿы "iPhone 5", "iPhone 6", "iPhone 7" зҭаз 22 ҭоԥ рбеит.

Атауар азеиԥш хыԥхьаӡара 32 цыра ыҟан.

Ахаҵа атауар ашәҟәы иҭасымгалеит избанзар сдырк дсыҳәан ииазгон, уи азы адокумент шаҭахыз сыздырамызт иҳәеит.

Аԥсны атәылауаҩ иганахьала административтә зинеилагаразы аусҭҵаара хацдыркит. Иара хараԥсаны иқәырҵар алшоит атауар ахәԥса ма уи ҩынтә рыла еиҳаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0