Кәырбанныҳәа иазку ауснагӡатәқәа акоронавирус иахырҟьаны имҩаԥгахом

© Sputnik / Maksim Bogodviv / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВерующий на намазе в праздник Курбан-Байрам в казанской мечети Кул-Шариф
Верующий на намазе в праздник Курбан-Байрам в казанской мечети Кул-Шариф - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәырбан-Баирам — ԥсыламан ныҳәоуп, иазгәарҭоит аныҳәа Ураза-Баирам ашьҭахь 70 мшы анҵлак.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Аҟәеи Гәдоуҭеи традициак аҳасабала имҩаԥыргоз аныҳәатә уснагӡатәқәа сынтәа иаҟәыхуп акоронавирус алаҵәара инамаданы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгаҩы, амуфҭи Ҭемыр Ӡыба.

"Раԥхьа иргыланы исҭахуп Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы срыдныҳәаларц, ирзеиӷьасшьарц агәабзиара, аманшәалара, ачҳара, ҳтәыла иқәынхо ажәларқәа зегьы аҭынчра рымазааит. Иаҳхылаԥшу ҳацәихьчааит адунеи зымҽхазкыз аҿкыра", - иҳәеит иара.

Амуфҭи иажәақәа рыла, адунеи аԥсылманцәа иахьазы аҳаџь амҩаԥгаразы аҭыԥ ԥшьақәа Меккеи Мединеи ирҭаарц алшара рымам.

"Ҳгәыӷуеит аепидемиа ииасып ҳәа, алшара змоу аԥсылманцәа зегьы аҳаџь мҩаԥыргап ҳәа. Сынтәа аԥснытәи аԥсылманцәа адунеи иқәу егьырҭ аԥсылманцәа реиԥш шьыжьнаҵы ашьапкратә церемониақәа мҩаԥыргоит", - иҳәеит Ӡыба.

Иара иҳәеит аџьаамақәа рҿы ашәарҭадара аԥҟаррақәа ишрықәныҟәо, арзҩыдаратә маҭәашьарқәа шықәгылоу, аиҳараҩык адәахьы шакәу ашьапкра ахьымҩаԥырго.

Роман Джугелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьугьелиа Кәырбанныҳәа аҵакы азы: Ҳазшаз уԥсы зегьы ала игәра умгозар, аилкаара цәгьоуп

"Есышықәса Аҟәеи Гәдоуҭеи апаркқәа рҿы имҩаԥаагоз аныҳәатә уснагӡатәқәа ракәзар сынтәа иахәҭаны иҳамԥхьаӡеит акоронавирус иацу ашәарҭара иахырҟьаны. Ганкахьала уи ҳгәы шаҳнархьуагьы, ауаа ршәарҭадара зегьы ириеҳауп. Убри азы аныҳәа ҭаацәашәала иаԥылоит. Ихадоу, аныҳәа угәаҿы аҟазаароуп", - ҳәа иҳәеит амуфҭи.

Кәырбанныҳәа аан аԥсылманцәа ашьа карҭәоит – ауаса, аџьма ршьуеит. "Ашьакаҭәара хымш имҩаԥыргоит. Ацхыраара ҳарҭоит Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспора. Арахә раахәаразы аԥара ҳзаарҭиит. Акәац зылшара ԥку аҭаацәарақәа ирзаҳшоит. Ацхыраара зыхәҭоу зегь ҳрыхьӡом, ҳалшарақәа маҷуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Кәырбан-Баирам, мамзаргьы Ид аль-Адҳа аԥсылманцәа ирныҳәоуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Кәырбан-Баирам аныҳәа акәзар, зуль-хиджа амза а-10-тәи амш (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза) ауп иаанаго.

Кәырбан-Баирам адунеи зегьы аҿеиԥш Аԥсынгьы иазгәарҭоит. Ара иара ахатәы милаҭтә хьӡы амоуп – Кәырбанныҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0