Ахынтәуҩшьра иалахәу ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахаҿы иҵәахразы аус аӡбарҭахь инашьҭуп

CC0 / / Весы Фемиды, наручники и судейский молоток
Весы Фемиды, наручники и судейский молоток - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валериан Шьанаа ахара ихарарҵоит абџьар закәаншьаҭада аҵәахраз, амҩангараз, аныҟәгараз, иара убасгьы ахынтәуҩшьра иалахәу ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахаҿы иҵәахразы.

АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Валериан Шьанаа иганахь ала ашьаус нашьҭуп Очамчыра араионтә ӡбарҭахь ахәаԥшразы ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Аԥсны Апрокуратура хада Аусҭҵааратә усбарҭа ихнаркәшеит Валериан Шьанаа иганахь ала азаанаҵтә усҭҵаара.

Аусҭҵаара инақәыршәаны Шьанаа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ахынттә уаҩшьра далахәын ҳәа агәҩаза зызрымоу Беслан Бганба дицхрааит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҵәахразы 2020 шықәса мшаԥы 21 инаркны лаҵара 8 рҟынӡа.

Шьанаа идыруан Бганба 2019 шықәса абҵарамзазы аҭыԥ змаз ацәгьоура дшалахәыз, аха ус шакәызгьы фатәа-жәтәыла деиқәиршәон.

Аҟәа ақалақь, амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ауаҩшьра далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу Беслан Бганба Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи Аԥсны ААР аусзуҩцәеи лаҵара 8 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан дааныркылеит.

Сухумский суд  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа агәҭаҿы ауаҩшьра иҟаз далахәуп ҳәа ишьоу ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы 2019 шықәса абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа идырым џьоукы ақьафурҭа аҭааҩцәа иреихсит.

Иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба иара уаҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшаҿы, ԥхынҷкәын 3 рзы лыԥсҭазаара далҵит.

Ацәажәара ду зхылҿиааз ацәгьоура ашьҭахь Аԥсны ААР аминистр Гарри Аршбеи Аԥсны апрокурор хада Зураб Ачбеи рмаҵурақәа аанрыжьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0