"Амшынеиқәафымцамч": афымцацәаҳәатә авариа аԥыхуп Очамчыра

CC0 / / ЛЭП
ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14, ашьыжь иаалырҟьан афымцарцәара ҟалеит Очамчыратәи авольтҳарак цәаҳәа ВЛ-220 ааха ахьаиуз азы. Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит аусуҩцәа рыбригада.

АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тҟәарчал ГРЕС авариатә фымцацәара амзыз шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура адыррала Тамшь ақыҭан аҵлахыцәқәеи афымцацәаҳәеи реинырра амцакра ахҟьеит.

"Авариа аҭыԥ иқәҵоуп. Аҟазауаа ацәаҳәа зегьы агәаҭара мҩаԥыргоит. Авариа рацәак ибыргәымызт, аха аԥшаара аамҭа аҭаххеит. Ауааԥсыра фымцалашарада иаанымхарц урыстәылатәи аган ахь аҳәара ҟаҳҵеит аамҭала алашара ҳарҭарц", - аҳәоит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Нанҳәа 14 рзы Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аиуразы азыҳәа ҟанаҵеит ҳәа аанацҳаит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи аккаунт аҟынтә. Иазгәаҭан Очамчыратәи авольтҳарак цәаҳәа ВЛ-220 ааха амоуп ҳәа.

Иара убасгьы нанҳәа 13 рзгьы аҭыԥ аман Тҟәарчал ГРЕС авариатә фымцацәара. Афымца аиҭашьақәыргылара иалахәын "Амшынеиқәафымцамч" авариаԥыхратә маҵзурақәа. Сааҭыбжак аҩныҵҟала иалыршан афымцалашара аиура аиҭашьақәыргылара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0