Аџьабаа абзабаа анацу: 50 шықәса акарпыжә аазрыхуа анхаҩы иҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукЖитель села Лыхны - Константин Джугелия
Житель села Лыхны - Константин Джугелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны инхо, 72 шықәса ирҭагылоу Константин Џьуӷьелиа акыршықәса инеиԥанкыланы акарпыжә ааирыхуеит, уажәааны иҽаҩра аҭирахь инеигоит.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аԥсуа қыҭа, аԥсуа иашҭа-игәара зегьы дрылызкаауа, даҽа милаҭк далазмырҩашьо инхара, ибзазараҟны адгьылқәаарыхра жәытәнатә аахыс пату аман, анхаҩы изыҳәан хныҟәгага хадас иҟан. Ақыҭа ԥсҭазаара аџьабаа рацәаны ишацугьы, уи бзабааны иануԥыло уџьа агьама хаахоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонстантин Џьуӷьелиа иааирыхуа акарпыжә
Аџьабаа абзабаа анацу: 50 шықәса акарпыжә аазрыхуа анхаҩы иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Константин Џьуӷьелиа иааирыхуа акарпыжә

Убас Лыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны инхо, 72 шықәса ирҭагылоу Константин Џьуӷьелиа анхаҩыҵәҟьа ҳәа ззуҳәаша уаҩуп. Дхәыҷаахыс аџьа агьама икит, иаб дивагыланы аус иуан, иҿиҵааит махәҿала аусура.

Иашҭа, имхы ҩычоуп уҭраҭыхла, шәырхкыла. Абар шьҭа 50 шықәса раахыс акарпыжә ааӡара инапы алакуп.

"Избан акарпыжә ҳәа шәҵаауазар, избан акәзар ицәгьан ҳхаантәи аамҭақәа, амамзаара иахҟьаны еиҳа ахашәала аиуразы иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡаны напы асыркит, абар уажәшьҭа 50 шықәса ҵуеит", - иҳәоит анхаҩы.

Ҳәарада, ицәгьоуп цхыраарада ухала аџьабаа анубо, аха Константин Џьуӷьелиа насыԥ имоуп уи аганахьала. Иҭаацәа - иԥа, иԥшәмаԥҳәыс, имаҭацәа зегьы ивагылоуп. Имаҭацәа ракәзар, иазҿлымҳауп рабду инапы злаку аус, бзиа ирбоит ицхраара.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны инхо, 73 шықәса ирҭагылоу Константин Џьугьелиа акыршықәса инеиԥанкыланы акарпыжә ааирыхоит
Аџьабаа абзабаа анацу: 50 шықәса акарпыжә аазрыхуа анхаҩы иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Лыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны инхо, 73 шықәса ирҭагылоу Константин Џьугьелиа акыршықәса инеиԥанкыланы акарпыжә ааирыхоит

"Исҭахуп смаҭацәа аҵара рҵарц, акультура аганахьалагьы рхы ԥыршәарц, акәашара бзиа ирбоит, иалоуп ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац". Аха убри инамаданы, ақыҭаҟны иани, ианааӡа ирдыруазароуп уи иацу аџьабаа. Ирзыҟасҵеит рхатәы ҽага хәыҷқәа, идсырбеит адгьыл аус шадырулаша, даргьы аинтерес кны исышьҭоуп, мчыла ирыдысцалом аусура", - иҳәоит дазгәдуны абду.

© Sputnik / Томас Тхайцук Константин Џьугьелиеи имаҭацәеи
Аџьабаа абзабаа анацу: 50 шықәса акарпыжә аазрыхуа анхаҩы иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Константин Џьугьелиеи имаҭацәеи

Акарпыжә ааӡара ус имариам, еснагь уахылаԥшлароуп, анапы анагха уҽаҩра бзиахом. Лаҵара акы инаркны адгьыл ирмазеиуеит, нас жәамш ирылагӡаны илаиҵоит.

"Акарпыжә алаҵара еиҳа иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡоуп лаҵара акы инаркны жәабанӡа. Акарпыжә лаҵаны уаналга нахыс еиҳагьы ахылаԥшра аҭахуп. Аӡы аҭалатәуп, ахәаҷа-маҷақәа ирцәухьчалароуп, иурашәароуп. Абри ижәбо акарпыжә срашәеит хынтә-ԥшьынтә. Иҟоуп израшәо ҩынтә, аха адгьылқәа еиҧшым, ҳара ҳҟны еиҳа аҳаскьын азҳара азымариоуп. Амала, сынтәа 300 ҭыжаарсҭа роуп иҟасҵаз, абжьааԥны 1000-1500 рҟынӡа иҟасҵалон, ақәра мыжда иара атәы ҟанаҵоит, исымчу, исызхаша ҟасҵап сҳәан саангылеит", - ҳәа азгәеиҭоит анхаҩы.

Константин имоуп ихатәы аахәаҩцәа, урҭ шьҭа ирдыруеит икарпыжә ахаҭабзиара, есышықәса иаарыхра иазыҧшуп. Сынтәа 27 кьыла иҟаз акарпыжә ҿыхны аџьармыкьаҟны иҭихьеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа аҽаҩра азыҳәан, уи зыхҟьо раԥхьаӡа аԥсабаратә цәырҵрақәа роуп, ианаамҭоу ақәа, амра анаиулак, аҽаҩра бзиахоит.

Константин Џьуӷьелиа акарпыжә ааӡареи адгьылқәаарыхреи рыдагьы, днапҟазоуп. Ҳҭыхрақәа раан иаҳирбеит инапала иҟаиҵаз аӡлагара, насгьы иара иҟаиҵоит акалаҭ, амҵәышә.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны инхо Константин Џьугьелиа иҩны
Аџьабаа абзабаа анацу: 50 шықәса акарпыжә аазрыхуа анхаҩы иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Лыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны инхо Константин Џьугьелиа иҩны

"Аԥашьа саб исирҵеит. Иара акалаҭқәа рацәаны иҟаиҵон. Ақыҭаҟны уанынха, зегьы удыруазароуп ҳәа саиҳәалон, саргьы сиҿыԥшуан аус аниуаз, ус-ус хәыҷы-хәыҷла иҿысҵааит", - иҳәеит анхаҩы.

Урҭ зегьы инарымаданы, Константин Џьуӷьелиа деихаҳаҩуп. Аиҭаҳатәқәа убла хыркуеит, убас еиврыԥхаа, хкы-хкыла ибаҳча иҭагылоуп: аҵәа еихаҳатә, ахәырма, гәаӷьла иларҵо атама, абҳәаса, аца. Аахәаҩцәа иҭаауеит аиҭаҳатә иашьҭаланы. Иҟоуп заа ахәԥса шәаны, иаанкыланы ицогьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАнхаҩы Константин Џьугьелиа
Аџьабаа абзабаа анацу: 50 шықәса акарпыжә аазрыхуа анхаҩы иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анхаҩы Константин Џьугьелиа
Ажәабжьқәа зегьы
0