Раԥхьатәи аволонтиорцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь иадҵаалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара иахьацлази Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аиҵбыратә медперсонал ахьазымхои азы Агәабзиарахьчара аминистрра ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Раԥхьатәи аволонтиорцәа агоспиталь ахь идҵаало иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿкырачымазара аҟәша аиҳабы Ангелина Оҭырԥҳа.

"Ҩыџьа-хҩы ааихьеит, аӡәы атранспорт ала ацхыраара ҟаиҵар илшоит, иҟоуп санитар ҳасабла ҳадгылара иазыхиоу. Иҟоуп ҳақьымцәас, медиаҳәшьцәас иазыхиоу аусура, аха урҭ рџьабаазы ахәԥса рызшәазарц рҭахуп. Уи азҵаара аминистрра иаӡбароуп", - лҳәоит лара.

Нанҳәа 15 рзы Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус зыхьыз ахьырацәахази Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аиҵбыратә медперсонал ахьазымхои азы Агәабзиарахьчара аминистрра ацхырааразы ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵеит.

Врач подписывает пробирку с образцом биоматериала - Sputnik Аҧсны
Ареаниматолог Гәдоуҭатәи COVID-центр аусура далацәажәоит

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы иазхом адезинфекторцәа, ахәыҟаҵарҭаҿы ацхырааҩцәа, асанитарцәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа аҿкыратә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ангелина Оҭырԥҳа.

Оҭырԥҳа иазгәалҭеит аволонтиорцәеи дареи аилаӡара шрыбжьарҵо, рыдкылараан ргәабзиара аҭагылазаашьа шгәаҭахо.

Аҳақьым ишылҳәо ала, аҟәшаҿы иахьазы иҟоуп аҳақьым-реаниматолог, аонколог, аневролог-хирург, хәҩык амедиаҳәшьцәа, хҩык асанитаркацәа. Аблок хадаҿы аус руеит: апедиатр, атерапевт, агинеколог, ахирург.

Иахьазы ахәышәтәырҭа иҭоуп 21-ҩык ачымазцәа.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны авирус рыхьхьеит – 189-ҩык, урҭ рҟынтәи 69-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0