Аладатәи арратә округ аруаа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рҽырзыҟарҵоит

© Foto / пресс-служба ЮВОВоеннослужащие ЮВО в Абхазии провели тренировку готовности к действиям в чрезвычайных ситуациях
Военнослужащие ЮВО в Абхазии провели тренировку готовности к действиям в чрезвычайных ситуациях - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аруаа амцарцәаратә командеи Гәдоуҭа араион аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи еинырны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аруаа амцарцәаратә команда аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рҽырзыҟарҵоит ҳәа аанацҳауеит Арратә округ апресс-маҵзура.

Амцарцәаҩцәа ркоманда адҵа роуит "аҵакыраҿ амцакра ҟалеит, ирцәатәуп" ҳәа. Аруаа оперативла амцакра "ахьыҟалаз" аҭыԥ ахь инеиит. Амца "ырцәан" арратә техника ахьгылоу аҭыԥ аҿы.

Уи адагьы аҽазыҟаҵараан ашәарҭара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынтәи иахыган арратә техникеи амазареи.

Аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхра иалахәын 50-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа. Дара рхы иадырхәон ҳаамҭазтәи амцарцәагатә хархәагақәа, амцарцәаратә машьына АЦ-6-40 аиԥш зеиԥшугьы налаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0