Аруаа реицлабрақәа рҟны Аԥсны иандаҭло еилкаахеит

© Sputnik / Grigoriy Sysoyev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТанк Т-90А во время динамического показа современных и перспективных образцов вооружений, военной и специальной техникина V Международном военно-техническом форуме "Армия-2019"
Танк Т-90А во время динамического показа современных и перспективных образцов вооружений, военной и специальной техникина  V Международном военно-техническом форуме Армия-2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысуеит Урыстәыла нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа. Урҭ рхы рыладырхәуеит ф-нызқьҩык аруаа злоу 250 команда.

АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Аԥснытәи акоманда VI Арратә хәмаррақәа - 2020 аҟны иқәгылоит аҩбатәи адивизион иалахәны, раԥхьаӡа акәны арҭ аицлабрақәа ирылахәу акомандақәа рыбжьара иҳәеит Аԥсны Арбџьармчқәа ртехникатә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы амаиор Алиас Уанаҿа, арадио Sputnik аинтервиу анаиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, Москва нанҳәа 24 рзы имҩаԥысраны иҟоу алԥшаараҿы "Атанктә биатлон" захьӡу аицлабраҿы Аԥсны акоманда ирындаҭлараны иҟоуп Лаос, Ҭаџьикисҭан, Конго ркомандақәа.

"Атанктә биатлон" шьақәгылоуп еиуеиԥшым аетапқәа рыла. Актәи аетап - ҽазыҟаҵаратәуп, аҩбатәи - хаҭалатәи еиԥхныҩлароуп, усҟан тәылак аекипаж атанкодром аҟны аԥынгылақәа ирхысны, ацәҟьарақәа иреихсны, абзарбзанқәеи ахырԥсаҟьагақәеи рыла ихысуеит. Ацәҟьара уақәымшәар, ма аԥынгылақәа узырхымсыр - даҽазнык уахысыр ауп", - иҳәеит иара.

Уанаҿа иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа ирылагаанӡа ахәмаррақәа рлахәылацәа акоронавирус азы атестқәа ирхысны, алҵшәақәа роуаанӡа хымш аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәеит ҳәа.

"Сынтәа ҳара раԥхьаӡа акәны ҳхы злалаҳархәуа ала, аҽазыҟаҵаразы аамҭа маҷны иҳаман, убри азы гәыԥ заҵәык ауп иааҳгаз, ҳаԥхьаҟа х-гәыԥк ааҳгоит ҳәа ҳгәы иҭоуп. Иагьа убас иҟазаргьы, ҳара ҳхы ҳақәгәыӷуеит, ишақәнагоу ҳхы ааҳарԥшуеит ҳәа ҳгәы иаанагоит, ҳтәыла ахьӡ ҭаҳгарц ҳгәы иҭоуп, иаҳдыруа дҳарбап. Зегьы ак ҳалшап ҳәа иҳақәгәыӷуеит. Арҭ аицлабрақәа рымҽхак ҭбаауп, Аԥсназы ари аҩыза аҩаӡараҟны ақәгылара акраҵанакуеит. Ҳаԥхьаҟа ҳкоманда иҵегьы иҳарӷәӷәоит, ишақәнагоу ҳҽазыҟаҳҵалоит. Уажәы иҟоу-иану еилаҳкаароуп", - иҳәеит иара.

Аԥснытәи аруаа иара убас рхы аладырхәуеит быжьтәылак рҟынтәи артиллеристцәа ахьеиндаҭло "Абџьар азҟаза" захьӡуи "Ишәарҭоу араион" захьӡуи аицлабрақәа рҟны, уа Аԥсны иаҿагылоит Белоруссиа, Конго, Лаос, Виетнам, Азербаиџьан, иара убас Урыстәыла арратә флот акомандақәа. Аицлабра "Адәынтәи ахәыҵара" аҟны Аԥсны иацлабуеит Ермантәыла, Виетнам, Урыстәыла, Белоруссиа.

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа, аартра ацеремониа ҟалоит Москватәи аобласт, Аконгресстә-цәыргақәҵатә центр "Патриот" аҿы. Ахәмаррақәа ирылахәхоит 250 команда.

Хәышықәса рыҩнуҵҟала ахәмаррақәа рыҽрыладырхәит 40 тәыла рҟынтәи 20 нызқьҩык аррамаҵзурауаа. Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рахь иаанаԥхьеит 90 тәыла рҟынтәи аруаа, НАТО иалоу атәылақәа рҟынтәигьы налаҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0