Аԥсуа журналистцәа Sputnik аштаб-квартира иаҭааит

© Sputnik / Нина ЗотинаАбхазские журналисты посетили штаб-квартиру Sputnik
Абхазские журналисты посетили штаб-квартиру Sputnik - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа журналистцәа рделегациа иалоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал "Абаза-ТВ", аинформациатә агентра "Аԥсныпресс" русзуҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. "Аурыс ажәа аглобалтә медиаконкуренциаҿы" захьӡу аҿар рфорум иалахәу аԥсуа журналистцәа Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадиои Sputnik аштаб-квартира иаҭааит.

Ааигәатәи аҳәаанырцәи Балтиеи ртәылақәа рҟны амультимедиатә центр адирекциа аконтент аиқәыршәаразы аусбарҭа аиҳабы Маргарита Некрасова асасцәа ирзеиҭалҳәеит агентра аҭоурыхи, иара убас Sputnik амультимедиатә контент аԥҵара ҷыдарақәас иамоу длырдырит.

"Ҳара ҳгәы иахәоит аԥснытәи ҳколлегацәа ҳагентра аусушьа, уи алшарақәа иахьрызҿлымҳау", – ҳәа азгәалҭеит Некрасова.

"Абаза-ТВ" акорреспондент Марианна Котова Sputnik Аԥсны – атәылаҟны зегь реиҳа хаҳарала аус зуа информагентроуп лҳәеит, убри азы уи аофис хада аусушьа амаӡақәа рыҭҵаара акыр аинтерес шылзаҵаз азгәалҭеит.

"Сара ателехәаԥшраҿоуп аус ахьызуа, аха ҳажәабжьқәа рсаит аус адуларагьы ансықәшәо ыҟоуп", – еиҭалҳәеит Котова.

Хәба ҳцеит!: Sputnik Аԥсны раԥхьатәи аиубилеи - Sputnik Аҧсны
"Хәба ҳцеит!": Sputnik Аԥсны раԥхьатәи аиубилеи

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны раԥхьаӡа онлаин ахь ицәырҵит ԥхынҷкәын 8, 2014 шықәса рзы.

Sputnik – 33 бызшәа рыла иҟоу аинтернет-саитқәа еидызкыло иналукааша жәларбжьаратәи амассатә-информациатә хархәагоуп, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа 90 қалақь инареиҳаны рахь ацәқәырԥақәа нарышьҭуеит. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Sputnik аудиториа мызкахьы 80 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, Sputnik асоциалтә ҳақәа рҟны аккаунт анапаҵаҩцәа 20 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Бишкек инаркны Кишиниовнӡа, Пекин инаркны Монтевидео аҟынӡа аредакциақәа 24 рҿы аус руеит зықьҩык инареиҳаны еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Sputnik амедиагәыԥ "Россия сегодня" иаҵанакуеит. Sputnik аофис хада Москва иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0