Аԥсны Апрокуратура хада азинхьчаҩцәа ҩыџьа рганахьала аусҭҵаара хацнаркит

© SputnikГенеральная прокуратура
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрокуратур хада ихнаркәшеит Аҟәа иҟоу ашәарыцаратә дәқьан "Баикал-охота" агәаҭара. Уи алҵшәақәа рыла аусқәа ҩба хацыркуп.

АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа ҩ-шьауск хацнаркит ашәарыцаратә дәқьан "Баикал-охота" адиректор хада Владимир Черепанови, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура абџьарлеибыҭара аҟәша аиҳабы Арха Ҵәыџьбеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра алицензиатә-ақәыршаҳаҭратә системеи хаҭалатәи адетективтәи, ахьчаратәи усурақәеи рхылаԥшразы аҟәша аиҳабы Саид Ладариеи рганахьала. Абри азы адырра ҟаҵоуп Апрокуратура хада асаит аҟны.

Аҩ-уск усҭҵаарак аҟны еидкылоуп.

Черепанови Ҵәыџьбеи иҭҟьо абџьар изакәантәымкәа аахәареи аҭиреи ахәҭаҷ ала рус иахәаԥшуеит. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Черепанов изакәантәымкәа аибашьыгатә абџьар акқәа иҭиит, Ҵәыџьба иакәзар, ақәшаҳаҭратә шәҟәқәа имамкәа урҭ иара иҟны иааихәеит.

Черепанови Ладариеи гәыԥҩык ауаа иҭҟьо абџьар изакәантәымкәа иаахәаны аҭира ахьымҩаԥыргоз азы ҳәа ахәҭаҷ ала рус иахәаԥшуеит. Апрокуратура апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, 2019 шықәсазы Ладариа ацәгьоуратә гәҭакы иманы Черепанов диацәажәан, имаҵуратә зинмчра дахыԥаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә бланк аҟны иҭҟьо абџьар аахәаразы имцԥаршеиу ашәҟәқәа еиқәиршәеит. Убарҭ ашәҟәқәа шьаҭас иҟаҵаны Черепанов абџьар иҭиит.

Ажәабжьқәа зегьы
0