Иҷыдоу аушьҭратә бӷьыцқәа рыла мацара: лабраа рқыҭаҿы акарантин аан ишеиҭаҵуа

© Sputnik / Акоп Кущян Село Лабра
Село Лабра  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә станциеи нанҳәа 25 рзы Лабра ақыҭан 14-мштәи акарантин аларгаларц рыӡбеит акоронавирус зцәа иалаз уи ақыҭауаҩык иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, уи аахижьҭеи лабраа рқыҭа иалҵны џьаргьы ацара рылшом.

АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада имҩаԥылгаз атестқәа рылҵшәақәа рыла акоронавирус зцәа иалам Лабра ақыҭауаа рқыҭа анҭыҵ ацара рылзыршо иҷыдоу аушьҭратә бӷьыцқәа рырҭоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Арутиун Мелкониан.

Сотрудники пожарно-спасательной части по охране Очамчырского района провели дезинфекцию в селе Лабра.  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА Лабра ақыҭан арзҩыдарақәа мҩаԥнагеит

Убри аан дара ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа алганы рыҭира рылшом, иҳәеит иара.

"Раԥхьа атестқәа рзыҟарҵеит 70-ҩык, урҭ рахьтә 7-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аарԥшын. Аҩынтә раан анализқәа арҭеит 42-ҩык. Урҭ рҭакқәа макьана иаҳмоуцт. Нанҳәа 25 инаркны ақыҭа ахадара ахыбра аҿаԥхьа ацхыраара лас амашьына ҷаԥшьоит", - иҳәеит Мелкониан.

Иҳаҩсыз ҩымш рыла даҽа 24 тест ҟаҵан ҳәа азгәеиҭеит Арутиун Мелкониан.

"42 тестқәа рҭак нанҳәа 31 рзы иҳауроуп, авирус зцәа иалам ҳәа иаарԥшыз адәқьан, аԥҭека уҳәа рахь инеир рылшоит", - иҳәеит ақыҭа ахада.

Иара иажәақәа рыла, шьоукы-шьоук акоронавирустә инфекциазы анализқәа раҭара мап ацәыркуеит.

"Шьоукы агәра ҳгом рҳәоит, даҽа шьоукых ицаны атестқәа арҭоит, мчыла аӡәгьы иидырҟаҵом", - иҳәеит Мелкониан.

Лабра зынӡа 270-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра шынхо азгәеиҭеит ақыҭа ахада.

"Акоронавирус зыҟны иаадырԥшыз ахыԥхьакраҿы иҟоуп аҩны, урҭ ахәышәтәырҭахь игатәхар, ақыҭаҿы иҷаԥшьо ацхыраара лас амашьына иагоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Мелкониан иара убасгьы иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа зҭаацәарақәа рҿы ачымазара аарԥшу иаҭаху ахәшәқәа рзааигеит ҳәа.

"Хымԥада ауаа агәынамӡара аадырԥшуеит, избанзар зегьы руҭрақәа рҟны ақыҭанхамҩатә аалыҵ рымоуп, аџьармыкьахь ирҭахуп, аха макьана иҟалом", - инаҵишьит иара.

Село Лабра  - Sputnik Аҧсны
Лабра ақыҭан ауаа амитинг аҿы еизеит

Нанҳәа 23 рзы акоронавирус ззышьақәыргылаз Лабра ақыҭанхаҩы иԥсҭазаара далҵит. Убри иахҟьаны нанҳәа 25 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә станциеи Лабра ақыҭан 14-мштәи акарантин аларгалеит.

Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Қьышьмариаԥҳа ишазгәалҭаз ала, уи апациент ичымазара акыр иуадаҩны имҩасуан. Акоронавирустә инфекциа агәаҭаразы ПЦР-тест изыҟаҵан, уи ачымазара ицәа ишалаз аанарԥшит.

Нанҳәа 27 рзы 30-ҩык инарзынаԥшуа ақыҭауаа ақыҭа амҩақәа руак аҟны амитинг аҿы еизеит. Дара агәынамӡара аадырԥшуан акарантин азы рқыҭа ахьадыркыз. Дара аԥкрақәа аԥыхны ақыҭа уалызго амҩа аадыртыр рҭахын, ианамух, ахәшәқәеи афатәи-ажәтәи ауаа ирзыршарц адҵа ҟарҵон. Амитинг сааҭқәак ицон.

Ақыҭауаа еимпит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ианиацәажәаз ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0