Аԥсны аҳаԥаҿы иҭахаз урыстәылатәи аспелеолог иԥсыбаҩ Москваҟа ирышьҭуеит

© Foto / МЧС АбхазииНачался второй этап операции по извлечению тела Демидова из пещеры на Арбаике
Начался второй этап операции по извлечению тела Демидова из пещеры на Арбаике - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 1 азы Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи аспелеологцәеи иҭахаз Павел Демидов иԥсыбаҩ аҳаԥы иҭыргеит. Цәыббра 2 рзы авертолиот ала Гагра ақалақь аморг ахь инаргеит.

АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Иҭахаз аспелеолог Павел Демидов иԥсыбаҩ Москваҟа ирышьҭуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспелеолог Евгени Снетков.

Цәыббра 2 рзы авертолиот ала Гагра ақалақь аморг ахь инаргеит.

"Аԥсны АҶА аус нанагӡеит. Иацы аԥсыбаҩ аҳаԥы иҭыргеит. Иахьа ашьыжь авертолиот ала Гагра ақалақь аморг ахь инаргеит. Иахәҭаны иҟоу апроцедурақәа анымҩаԥгахалак ашьҭахь иԥсадгьыл ахь дыргоит", - иҳәеит  Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Евгени Снетков иажәақәа рыла, уажәазы Гагратәи аморг аҿы апатолого-анатомиатә експертиза мҩаԥыргоит.

"Аԥсыбаҩ рыцқьаны, машьынала Адлертәи аҳаиртә баӷәазахь инаргоит, уантәи Москваҟа иргоит. Аԥсны АҶА иахәҭоу ацхыраара ҟарҵоит. Лев Константин-иԥа Кәыҵниеи сареи ҳаицәажәон, уи аусқәа зегьы ԥынгылада еиҿкаахоит", - азгәеиҭеит Снетков.

Аиқәырхаратә  операциа алахәылацәа  алагер аанрыжьуеит. Актәи агәыԥ машьынала цәыббра 2 рзы иқәҵуеит, егьырҭ  – уаҵәы Арбаика аанрыжьуеит.

Нанҳәа 23 рзы Демидов уи аҳаԥахьы ддәықәлеит иколлега Андреи Шумеико дицны. 305 метра аҵаулараҿы дшыҟаз ахаҳә гәалқәа иқәҳаит. Демидов урҭ рыҵыҵра илымшеит, Шумеико иакәзар иԥсы еиқәхеит.

Нанҳәа 26 рзы Демидов иԥсыбаҩ аҳаԥы иҭыгара аоперациа иалагеит. Уи аоперациа иаразнак рҽаладырхәит Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа, аоперациа хылаԥшра аиҭоит аминистр Лев Кәыҵниа.

Нанҳәа 29 рзы Павел Демидов иԥсыбаҩ ахаҳәқәа ирыҵырхит, сакасала аҳаԥы аҭыгаразы азыҟаҵарақәа ирылагеит.

Аҳаԥы ҵыԥх, 2019 шықәсазы 200 метра рҟынӡа аҵаулараҟынӡа илбааны иаадыртит. Аспелеологцәа ргәаанагарақәа рыла, абри аҳаԥы Аԥсны мацара акәымкәа, адунеи аҿы зегь реиҳа иҵаулоу акәхар ауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0