Петербургтәи "Зенит" Аԥсны ашьапылампылтә академиа афилиал аанартуеит

CC0 / / Футбольный мяч
Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Зенит" Аԥсны ашьапылампылтә академиа афилиал аананартуа аламҭалазы имҩаԥгахоит акурсқәа азыҟаҵаҩцәа рзы.

АҞӘА, цәыббра 3– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Петербургтәи "Зенит" Аԥсны ашьапылампылтә академиа афилиал аанартуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит академиа афилиал акоординатор Армен Капикиан.

"Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы "Зенит" ажәадгала азыҟанаҵеит. Уа иақәшаҳаҭхеит. Актәи аетап иаҵанакуеит азыҟаҵаҩцәа разырхиара", - иҳәеит иара.

"Зенит" ахаҭарнакцәа иара убасгьы имҩаԥыргараны иҟоуп ахәыҷтәы зыҟаҵаҩцәа азин ҷыда рыҭара ҳәа иҳәеит Капикиан.

"Цәыббра 7 рзы иаартхоит аԥснытәи азыҟаҵаҩцәа рзы акурсқәа. "Зенит" академиа еиҿнакаауа акурсқәа ирылахәхоит 27-ҩык азыҟаҵаҩцәа. Акурсқәа рышьҭахь имҩаԥгахоит азин ҷыда аҭара апроцесс. Ари азҵаара иалацәажәан урыстәылатәи ашьапылампылтә еидгылаҿ. Цәыббра анҵәамҭазы ихыркәшахоит азыҟаҵарақәа", - иҳәеит иара.

Абри ашьҭахь "Зенит" аусутә гәыԥ Аԥсныҟа иаараны иҟоуп ашьапылампылтә академиа афилиал аартразы.

"Иалыркаауеит 2009-2013 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа ҿарацәа. Азыҟаҵаҩцәа дара аздырхиалоит 14 шықәса рхыҵаанӡа", - иҳәоит Капикиан.

Уи адагьы, аҟыбаҩ зманы иршьо ахәмарыҩцәа Санкт-Петербургтәи академиаҟны рылшарақәа аадырԥшырц рылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0