Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Артур Анқәаб ахара ихарам ҳәа аӡбамҭа азакәан иақәшәоит аҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВерховный суд
Верховный суд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы иӷьычра далахәуп ҳәа ахара зхараҵаз, атәыла ахадарахьы уаанӡа кандидатс иқәгылаз Артур Анқәаб Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа диашоуп ҳәа азгәаҭаны аӡбарҭатә зал аҟынтәи ихы дақәиҭнатәит рашәарамза анҵәамҭазы. Апрокуратура хада абри аус иахашшааит.

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа 2020 шықәса рашәара 23 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа азакәаншьаҭа амоуп ҳәа иашьеит.

"2020 шықәса рашәара 23 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаднакылаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра АЗ ахәҭаҷ 119 ахәҭа 2 апунктқәа "а", "б", "ж" (ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара иҭаргыланы иӷьычра), ахәҭаҷ 160 ахәҭа 3 апункт "б" (игәабзиара ааха аҭаны аԥараимхра) иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рганахьала Артур Анқәаб хара идым ҳәа аӡбамҭа азакәаншьаҭа амоуп ҳәа иазыԥхьаӡоуп", - аҳәоит ақәҵара.

Артур Анқәаб иганахьала ариашаратә қәҵара азинмчра аиуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0