Аԥсны ахада Ихраҿаз аҽырыҩрақәа рымҩаԥгара аҿҳәара инахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСкачки в селе Дурипш.
Скачки в селе Дурипш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Ихраҿаз аҽырыҩра аԥхьахәтә фонд 1 000 000 мааҭ иҟоуп. Аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргаразы быжь-еикәшарак рҿы еиндаҭлоит.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Ихраҿаз аҽырыҩрақәа рымҩаԥгара аҿҳәара инахеит цәыббра 12 инаркны цәыббра 19 рахь ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа ахада Милор Шәлымба.

Ахаан иҟамлац: аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодартәи аҽырыҩраҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит - Sputnik Аҧсны
Ахаан иҟамлац: аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодартәи аҽырыҩраҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит

"Аҿҳәара анахара атәыла ахада играфик иадҳәалоуп. Иара цәыббра 12 рзы аҽырыҩра дзалахәхомызт", - иҳәеит иара.

Шәлымбаиажәақәа рыла, ауснагӡатә иалахәхоит аҽыҩқәа 30.

Аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргаразы быжь-еикәшарак рҿы еиндаҭлоит: 1200 метра – ҩышықәса зхыҵуа аҽыҩқәа, 1400 метра – Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәаразы аԥхьахә, 1600 метра – Аԥсны ииз аҽыҩқәа, 1800 метра – Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иаԥхьахә, 2000 метра – Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иаԥхьахә, 2400 метра – атәыла ахада иаԥхьахә, 3200 метра – Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иаԥхьахә.

Аԥсны ахада Ихраҿаз аҽырыҩра аԥхьахәтә фонд – 1 000 000 мааҭ иҟоуп. Аха Шәлымба ишиҳәаз ала, уи 2 000 000 мааҭ иҟалар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0