00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ахада ААУ аректор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрием президентом Абхазии Асланом Бжания ректора АГУ Алеко Гварамия
Прием президентом Абхазии Асланом Бжания ректора АГУ Алеко Гварамия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алеко Гәарамиа цәыббра 7 рзы 80 шықәса ихыҵит.

АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит.

"Исоуз аҭагылазаашьа схы иархәаны ишәыдсныҳәалар сҭахуп шәиубилеи. Шәара ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра, аԥсуа ҭҵаарадырра ашьақәгылараҿы злагала ду ҟазҵаз уаҩуп, Иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа рҿы шәара шәаҟара зылшаз дҳамамзар ҟалап. Сара шәбиографиа зҿлымҳарала саԥхьеит, шәара шәызнысыз амҩа ҿырԥшыгоуп, ишәҿаҳҵааша рацәоуп", - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа 120 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа равтор Алеко Гәарамиа илшамҭақәа рыхә ҳаракны ишьеит.

"Ауаажәларра ирдыруеит шәара шәнапы ишыҵыҵхьоу 120 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, шәара европатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны алекциақәа шәрыԥхьахьеит, шәара шәыхьӡ анылеит жәларбжьаратәи скораттә центр аҟны ашәышықәсаҟны иалыркаауа аҵарауаа дуқәа рышәҟәынҵа, шәара Жәлар Реизара шәадепутатын. Шәара шәуаажәларртәи шәҳәынҭқарратәи усура шәыспорттә усурагьы рываҟәылоит. Шәара еицырдыруа спортсменуп, абокс азы жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩ шәоуп, шәара Москва имҩаԥысуаз Аолимпиадаҟны аицлабрақәа рыӡбаҩс шәыҟан. Ажәакала, зегь рыла Ҳазшаз шәиныҳәеит", – иҳәеит Бжьаниа.

Ахада иара убас иажәа иацҵо иҳәеит атәыла аиҳабыра ауниверситет есымша ишацхраало, здырра ҳараку аспециалистцәа аунашьҭларц азы ишадгылало.

Ахада инапы аҵаиҩит аҭҵаарадырратәи арҵаҩратәи усураҟны, здырра ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵараҟны илшамҭақәа рзы Алеко Гәарамиа "Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ихҵаразы аусԥҟа.

Иара убас Бжьаниа аиубилиар ҳамҭас ахҭырԥа ииҭеит.

Алеко Гәарамиа ахада ҭабуп ҳәа иаҳәо, иазгәеиҭеит абокс шакәу иара деибаркны дызмоу.

"Сара уаанӡа сбоксиорын, есымша аҿар срыцуп. Убарҭ исырҭо амч ауп сеибаркны сызку", – иҳәеит  Гәарамиа.

Алеко Гәарамиа - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Жәларбжьаратәи Адыгатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа ракадемик.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0