Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчаратә министррақәа Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКапитальный ремонт больницы в городе Ткуарчал
Капитальный ремонт больницы в городе Ткуарчал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа усутә ныҟәарала цәыббра 8 рзы иааит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа урҭ дырԥылеит, анаҩсан дара Тҟәарчалҟа еиццеит.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа хада аусуразы ихымԥадатәины иҟоу ахархәагақәеи аинвентари реиқәыԥхьаӡа аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәареи рзы Аԥсныҟа усутә ныҟәарала иааит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрра апресс-маҵзура.

Ахәышәтәырҭа аргылара нап алакын 2017 шықәса рзы Аинвестпрограмма 2017-2019  аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ахыркәшара мҩаԥгахараны иҟан 2019 шықәса рзы. Иазоужьын 258 миллион мааҭ.

Убри аан апроект аҿы иарбамызт акәыршагәара, аморг, акрыфарҭа, аӡәӡәарҭа, арентгентә аппарат аҩнаргыларҭа, амардуантә маакырқәа.

Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит ахәышәтәырҭа аԥаразоужьра еиҳатәхоит ҳәа.

Руслан Тванба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Тәанба еиҭеиҳәеит Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аргыларазы аԥаразоужьра зацҵоу

Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны иааны иҟан Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ахаааҭарнакцәа акоронавирус аҿагыларазы аинырра аҟаҵашьа иалацәажәарц. Дара усҟан Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иаҭааит, аматериал-техникатә базеи ашьҭаларҭа ҭыԥқәеи, аперсонал русура аиҿкаашьеи ҭырҵааит. Аҟәатәи аҿкытә чымазаратә хәышәтәырҭаҿы иахәаԥшит ПЦР-диагностиказ абиоматериал шырго.

Урыстәыла акоронавирус аҿагылара мҩаԥнагоит иара аҵакыраҿы адагьы егьырҭ атәылақәа рҿгьы цхыраарак аҳасабала. Урыстәыла миллионк рҟынӡа акоронавирус тестқәа 39 ҳәынҭқарра ирзынанашьҭхьеит. 66% ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи роуп.

Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа рыла иахьазы Гәдоуҭатәи аахәышәтәырҭаҿы ацхыраара руиет урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа аҩбатәи ргәыԥ.

Аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭаразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа нанҳәа 9 рзы иаҭааит Сеченов ихьӡ зху Московатәи амедицинатә университет аҳақьымцәа актәи ргәыԥ,  Московатәи амедицинатә университет атерапиеи апрофессионалтә чымазарақәеи ркафедра апрофессор Елена Попова зхадараҿы дыҟаз. Дара мчыбжьык иазынаԥшуа ареспубликаҿы иҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0