Даҽа 16-ҩык: Аԥсны акоронавирус ззышьақәдыргылаз рхыԥхьаӡара иацлеит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 656-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 186-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, 6-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, цәыббра 13- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 150-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 16-ҩык ачымазара шрылоу аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Уажәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 64-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 61-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭа иҭырҩааит ҩыџьа, аӡәы ахәышәтәразы атәыла анҭыҵ диаргеит", - аҳәоит адырраҭара.

Аҽыԥхьакраҟны иҟаз 14-ҩык ачымазцәа ргәы бзиахеит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачҳара аадырԥшырц, еилыркаарц ареспубликатә санитартә-бактериологиатә лабораториа алшарақәа, иара убас ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0