АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. 2017–2019 шықәсқәа рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рҟны иалкаахаз Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аԥхьахә ранашьоуп:
- Барцыцԥҳа Белла – Аԥсны имҩаԥысуаз сталинтәи арепрессиақәа ирызку апублицистикатә усумҭақәа рсериа "Абааҭатәи аццышәқәа" азы;
- Касланӡиа Беслан, Шаменкова Светлана – Афон Ҿыц абжьаратәи ашкол ареконструкциазы;
- Чачхалиа Денис – аизга "Апоезиатә еигәныҩра" (аиҭагақәа) азы.
Алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа раԥхьаӡа акәны ишьаҭаркын 1967 шықәса рзы. Раԥхьатәи алауреатцәа иреиуоуп Баграт Шьынқәбеи Иван Папасқьыри.