Аҟәатәи ашкол №1 арҵаҩцәа COVID-19 азы атестқәа ирхысуеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково
Экспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус зцәа иалаз Аҟәатәи абжьаратә школ №1 арҵаҩы Қырҭтәылатәи ахәышәтәырҭаҿы цәыббра 20 рзы лыԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Аҟәатәи ашкол №1 арҵаҩцәа зегьы COVID-19 рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхысроуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа.

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №1 аҵаҩцәа ҩымчыбжьтәи акарантин ахь иоушьҭуп ашкол аҿы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы.

"50-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәеи рҵаҩцәақәаки ршоура ҳаракуп. Убри азы аминистри ашкол адиректори реицәажәараан иазырыӡбеит ашкол ҩымчыбжьтәи акарантин ахь ииагазарц. Аминистрра асанитартә маҵзурақәа акарантин аамҭаан арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥгазарц адҵа ҟанаҵоит", - иҳәеит Қәҭелиа.

Иара убасгьы иҳәеит аминистрра ашколқәа зегьы рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыҟоу азы адырра аиулоит ҳәа. Иара иажәақәа рыла макьаназы ареспублика ашколқәа раркра азҵаара иалацәажәам.

Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашкол адыркит акоронавирус злаз арҵаҩы лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь

"Акарантин аҿы иҟоу аклассқәа маҷым. Зегьы еилыркаауазароуп акарантин аҿы иҟоу аҵаҩы 14 мшы ихы ԥхьакны дыҟазар шакәу", - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ иҳәеит ареспублика ашколқәа рҿы СЕС абжьгарақәа ишрықәныҟәо.

"Ахәыҷқәа ршоура ршәоит. Аҭаацәа ашкол аҵакырахь инарышьҭуам, аклассқәа аԥша рыҩнадырсуеит. Хара имгакәа арзҩыдагақәеи лакьысрадатәи ашоурашәагақәеи рзаҳшоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Акоронавирус зцәа иалаз Аҟәатәи абжьаратә школ №1 арҵаҩы Қырҭтәылатәи ахәышәтәырҭаҿы цәыббра 20 рзы лыԥсҭазаара далҵит. Лара уи адагьы еиуеиԥшымыз ачымазарақәа лыман.

Уаанӡа Sputnik зыҿцәажәоз ашкол адиректор Нонна Делԥҳа илҳәеит ҩымчыбжьтәи акарантин ахь ахәыҷқәа шоушьҭу. Лара лажәақәа рыла, аклассқәа хәба рҟны ачымазара здырбалақәаз ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0