АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik. Нанҳәа 1 инаркны Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа аҩ-хырхарҭак рыла иахысхьоу рхыԥхьаӡара ҩ-миллионҩык инареиҳауп ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
"Урыстәыла аиҳабыра нанҳәа 1 азы аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аусура аԥсахрақәа ралагалара иазкны ирыдыркылаз адҵа инақәыршәаны, аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаа иахысхьеит: 1 830 000-ҩык Урыстәылатәи Афедерации атәылауааи 170 000-ҩык Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауааи ", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура иҟанаҵо адырраҿы.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит иара убас аҳәаа аартуижьҭеи уи ишахысхьоу 405 000 транспорттә хархәагақәа.
2019 шықәсазы Атуризм азы аҳәынҭеилакы (иахьа - Атуризм аминистрра) аофициалтә дыррақәа рыла, ҳтәылахь аԥсшьаразы иааит миллионки 50 нызқьҩыки атуристцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: