Ахәбабақәа рыцхырааразы: аԥстәқәа ирызку агәыҳалалратә акциа мҩаԥысит Пицунда

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАԥстәкәа рыхьчара амш азы Пицундатәи ашколхәыҷқәа еиҿрыкааз акциа
Аԥстәкәа рыхьчара амш азы Пицундатәи ашколхәыҷқәа еиҿрыкааз акциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 4 адунеизегьтәи аԥстәқәа рыхьчара иамшуп. Ари арыцхә инамаданы Пицундатәи абжьаратә школ №2 аҟны, 1-тәи "а" акласс аҵаҩцәа раԥшьгарала имҩаԥган "Ахәбабақәа рыцхырааразы" захьӡыз агәыҳалалратә акциа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

"Ахәбабақәа рыцхырааразы" захьӡыз агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 1-тәи "а" акласс арҵаҩы Алиона Оҭар-иԥҳа Ҷанԥҳа имҩаԥылгеит акласстә сааҭқәеи аиҿцәажәарақәеи. Ахәыҷқәа аҩны ирымаз аԥстәқәа рсахьақәа ҭыхны, нас ирыдҳәалаз аҭоурых хәыҷқәа нацҵаны, ашкол актәи аихагылаҿы еиҿыркааит акәакь. Иара убраҟа ишьақәыргылан аурнагьы. Акциа иалахәын агәаҳәара змаз зегьы.

"Адунеизегьтәи аԥстәқәа рыхьчара амш, жьҭаара 4 амҽыша иақәшәоит аҟнытә, ҳара заа азгәаҭара ҳалагеит. Агәыҳалалратә акциа хықәкыс иамоуп ахәыҷқәа арыцҳашьареи, аҭакԥхықәреи рылааӡара, иара убас хылаԥшрада адәы иқәу аԥстәқәа рлахьынҵа аӡбара шаҭаху деилыркаара", - лҳәеит арҵаҩы Алиона Ҷанԥҳа.

Ахәыҷқәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын акциа. Агәаҳәарагьы рыман Цандрыԥшь аҳабла иаҵанакуа, Сальма ақыҭан иҟоу алақәа рыԥхьарҭа аҭаара, аха аҭагылазаашьа иалнамыршеит. Уеизгьы ргәы кармыжьит. Рыҩнатә ԥстәқәа ирыдҳәалаз ажәабжьқәа еиҭарҳәеит.

"Ааԥынра, сашьеи сареи агәамсамеизгарҭаҿы ҩ-цгәы хәыҷык ҳбеит, аиқәаҵәеи, аԥшьи. Аиқәаҵәа амузыкатә школ арҵаҩы Татиана Валентин-иԥҳа илаҳҭеит ибзианы ишылааӡоз ҳдыруан азы, егьи ҳара иаҳгеит. Иахьа ҳацгәы "Рыжик" идухеит, иӷәӷәахеит, ашәарыцара иалагеит", - ҳәа дгәырӷьаҵәа еиҭалҳәеит актәи акласс аҵаҩы Марина Прекраснова.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАԥстәкәа рыхьчара амш азы Пицундатәи ашколхәыҷқәа еиҿрыкааз акциа
Ахәбабақәа рыцхырааразы: аԥстәқәа ирызку агәыҳалалратә акциа мҩаԥысит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Аԥстәкәа рыхьчара амш азы Пицундатәи ашколхәыҷқәа еиҿрыкааз акциа

Ахәыҷқәа ражәақәа рыла иубаратәы иҟан рыҩнаҭақәа рҿы аԥстәқәа рахь арыцҳашьара шыҟоу. Уи угәы имахәарц залшом.

Алиона Ҷанԥҳа лҵаҩцәа рыдагьы акциа рхы аладырхәит  егьырҭ аклассқәагьы. Убас, 500 мааҭ аалышьҭит Алаҳаӡыхьтәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Олесиа Казанџьиан.

"Ахәыҷқәа, иԥшәымадоу аԥстәқәа ацхыраара рыҭаразы, акрыфарҭа иазкны ирымаз аԥарахәыҷқәа ирмеигӡаӡакәа аурна иҭарыԥсон. Џьоукы рҭаацәа иаархәаз алақәеи, ацыгәқәеи ирԥшшоу ахәы ааргеит. Иҟоуп ахәшәқәа назгаз", - ҳәа азгәалҭоит арҵаҩы.

Бжьышықәса зхыҵуа Елина Занҭариаԥҳа "Сара, ҽнак акрыфарҭахь сымнеир акагьы сыхьуам, аҩны змам алахәыҷы, мамзаргьы ацгәыхәыҷы сацхраар еиҳа еиӷьхоит" лҳәеит. Ахәшә аазгаз Лука Чихьериа аԥстәқәа зегьы ргәы бзиазар иҭахуп.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаАԥстәкәа рыхьчара амш азы Пицундатәи ашколхәыҷқәа еиҿрыкааз акциа
Ахәбабақәа рыцхырааразы: аԥстәқәа ирызку агәыҳалалратә акциа мҩаԥысит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Аԥстәкәа рыхьчара амш азы Пицундатәи ашколхәыҷқәа еиҿрыкааз акциа

Иахьазы, ахәыҷқәа рымчала еидкылоуп 20 кьыла ирԥшшоу ахәы, 13 ҿаҳәара аконсервтә афатә, ахәшәтә препаратқәа ҩба, ԥарала 4115 мааҭ. Акциа уаҵәтәи амш азгьы иацҵахоит азы еиқәыԥхьаӡоу аизгақәа харҭәаахоит. Анаҩс, еидкылоу зегьы аҭахоит аԥстәқәа реиқәырхаратә агәыҳалалратә фонд "Багира".

Алақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥстәқәа рыхьчаҩ: Аԥстәқәа рышьра ахаангьы агуманизмра аҵам

"Алиона Оҭар-иԥҳа аҭел данысзас, аиашазы сгәы ԥшааит, сылаӷырӡқәагьы аахыҳәҳәалеит. Ауаҩы дшыхәыҷу арыцҳашьара илааӡазар, адунеи аҿы ацәгьара маҷхоит. Шаҟантәи сыла иабахьеи, аҭаацәа рхәыҷқәа ишырбо адәаны лак рбар, алаба, ма ахаҳә анагәыдырҵо. Ус иҟалаӡом. Ала ҭрысны ирыцҳар алшоит, нас иҿиоит ацәымӷшьара. Иԥшәымадоу аԥстәқәа рганахь агәыразра шаарԥштәу ҳәалатәуп аҩни, ашколқәеи рҿы. Сара сыхәҭаахьала акциа еиҿызкааз ахәыҷқәеи, рырҵаҩи иҭабуп ҳәа расҳәоит. Дара наҟ-наҟ ауаҩра шрылҵуа агәра згоит", - ҳәа лцәанырреи, лгәаанагареи ҳацеиҩылшеит агәыҳалаларатә фонд "Багира" аиҳабы Саида Оҭырԥҳа.

Сальма ақыҭан иҟоу аԥхьарҭаҿы алақәа хышә ыҟоуп. Пицундатәи ахәыҷқәа еидыркылаз афатә даара ицхыраагӡахоит урҭ рзы.

Саида Оҭырԥҳа "Ахәбабақәа рыцхырааразы" акциа иалахәыз арабадырразы данцо, лгәы иҭоуп афонд "Багира" ахьӡала асиурприз рзеиҿкаара.

Пицундатәи абжьаратә школ №2, 1-тәи "а" акласс арҵаҩы Алиона Ҷанԥҳа иазгәалҭеит, акциа ахықәкы нагӡахеит уҳәар шалшо. Абас еиԥш агәыҳалаларатә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа ахәыҷқәа ганрацәала иааӡоит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0