Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ҩыџьа аицлабра "Зегь еицырзеиԥшу аиааира" аҿы иаиааит

© SputnikРоссотрудничество
Россотрудничество - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аицлабра иалахәын 14 тәыла: Аԥсны, Ермантәыла, Азербаиџьан, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Молдова, Ҭаџьикисҭан, Туркменистан, Узбекисҭан, Украина, Аахыҵ Уаԥстәыла, Италиа, Франциа рҟынтәи 14-17 шықәса зхыҵуаз аҿар.

АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Еилкаахеит жәларбжьаратәи аицлабра "Зегь еицырзеиԥшу аиааира" аҟны аиааира згаз рыхьӡқәа. 11 тәыла рҟынтәи 35-ҩык аиааит, урҭ рҟынтәи ҩыџьа аԥснытәиқәоуп ҳәа аанацҳауеит аиҿкааратә еилакы.

Гагарин ихьӡ зху гагратәи абжьаратә школ 10-тәи акласс аҵаҩцәа Давид Вижули Осман Исомови аиндаҭлараҿы аиааира згаз иреиуоуп.

 Подведены итоги конкурса стихов, посвященных Дню России - Sputnik Аҧсны
Аконкурс "Урыстәылаз ажәеинраала" аиааирагаҩцәа Ацҳаражәҳәарҭаҿы аҳамҭақәа рырҭеит

Ашколхәыҷқәа рзы Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Зегь еицырзеиԥшу аиааира" – информациа-рккаратә проектуп, иахықәку Урыстәылеи аҳәаанырцә тәылақәеи рзеиԥш ҭоурыхтә фырхацәа рыԥшаароуп. Иара азырхоуп аҿар аҭоурых абзиабара дыркра. Аиндаҭлара алахәылацәа досу ртәылақәа рҿы ирыԥшаауан 1941–1945 шықәсқәа рзы еибашьуази атыл аҿы аус зуази, анемец-фашист мпыҵахалаҩцәа риааира зылшамҭа адыз ауаа. Ашколхәыҷқәа имҩаԥыргоз аҭҵаарақәа рышколқәа рҟны иӡырыргон.

Аиндаҭлара иалахәын 14 тәыла: Аԥсны, Ермантәыла, Азербаиџьан, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Молдова, Ҭаџьикисҭан, Туркменисҭан, Узбекисҭан, Украина, Аахыҵ Уаԥстәыла, Италиа, Франциа рҟынтәи 14-17 шықәса зхыҵуаз аҿар.

Россотрудничество анапхгаҩы Евгени Примаков иазгәеиҭеит адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи аҿар аҭҵааратә усура ду шымҩаԥыргаз. Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аан дара рықалақьқәа, рқыҭақәа рҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа аҭоурых иаздырхынҳәит. Ари аҭоурыхтә гәалашәара амырӡразы илшамҭа дууп.

Аҳәаанырцә иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа акциа атәылатә кураторцәа ррольқәа нарыгӡеит, амилаҭтә штабқәеи аԥошьҭақәеи русура еиҿыркааит аҵаратә усбарҭақәа рыцырхырааны.

"Апроект еиднакылеит 9 000-ҩык рҟынӡа 300 ҳәаанырцә школ рҟынтәи. Ари рбага шьахәуп. Ҳара аҽазныкгьы агәра аагеит Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рыжәларқәа рҭоурыхтә еимадара аҭҵаара иазырхо апроектқәа аинтерес шрымоу", - ҳәа иҳәеит Россотрудничество анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Михаил Бриуханов.

Апроект "Зегь еицырзеиԥшу аиааира!" аиҿкаара мҩаԥнагеит Россотрудничество аиҿкаара "Еицыҟаҳҵап!" ацхыраарала Аиааира 75 шықәса ахыҵра ашықәс азы.

Уаанӡатәи жәларбжьаратә аиндаҭлара "Ҳара ҳфырхацәа", 2019 шықәса рзы имҩаԥган. Иара азкын Урыстәылеи Аҳәаанырцә ааигәеи рыжәларқәа рзеиԥш ҭоурых аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0