Аҟәа, аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы амобилтә лабораториа аусура иалагоит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота вирусологической лаборатории
Работа вирусологической лаборатории - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҳҭнықалақь аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аан амедицинатә усҳәарҭақәа русура иазкыз аилацәажәара мҩаԥигеит жьҭаара 20 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа, аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы еиҳа аамҭа иақәшәо амобилтә лабораториа аусура ишалаго атәы ҳәан ақалақь ахадеи амедицинатә усҳәарҭақәа рхадацәеи реиԥылараан.

Алабораториа ада ԥсыхәа аҟамзаара адҳәалоуп ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа рыдкылара алагара ҳәа аҳәоит ахадара асаит аҿы.  Ахәышәтәырҭаҿы ковид-чымазцәа шьҭоуп, иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Астамур Гәыниа.

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Асанепидемстанциа COVID-19 атест-ҭҵаамҭақәа рхыԥхьаӡара иацнаҵеит

Иара убасгьы ара аус ауеит ПЦР-анализ аҭаразы акабинет.

Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит ачымазцәа рырацәахара инадҳәаланы анализқәа аҩны ргаразы агәыԥ шеиҿкаахо атәы. Иахьазы, ԥсшьарада ҩ-гәыԥк аус руеит.

Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аиҳабы Ада Абыхәԥҳа иазгәалҭеит, аҿкчымазара рымазар алшоит ҳәа иԥхьаӡоу ахәыҷқәа ахьрыдыркылаша акабинет ҷыда шаҭаху.

"Аҭаацәа ирҭахуп абасеиԥш, ҳақьымк иҟынтәи аҽа ҳақьымк иахь рнеира аасҭа ҭыԥк аҿы игәаҭалатәуп", - лҳәеит лара.

Беслан Ешба иҳәеит ачымазара змоу ауаа рызнеишьа зегь реиҳа ишыхадоу, урҭ хылаҧшрада иаанымхар шакәу, аидеиагьы адгылара аиҭеит. Ихаҭа ирыдигалеит аполиклиникаҿ анализқәа рыдкылара еиҿыркаарц, иҳәеит ақалақь ахадара ацхыраара шрырҭо.

Иахьазы Аҟәа 82 хәыҷы чмазцәоуп.

Занӡа Аԥсны 3036 коронавирус хҭыс азгәаҭоуп. Ргәы бзиахахьеит 1267-ҩык. Рыԥсҭазаара иалҵит  31-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0