Аԥсны даҽа 73-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в гостинице "Айтар"
Российский военный госпиталь в гостинице Айтар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4233-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2267-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 42-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 367 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 73 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 132-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 114-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык, илҩаауп жәаҩык апациентцәа. Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 60-ҩык апациентцәа. 57-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аоперштаб иара убас иаанацҳаит жьҭаара 31 рзы Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иаарту урыстәылатәи хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны акоронавирус злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара ишалҵыз.

Иԥсҭазаара далҵит COVID-19 ззышьақәырӷәӷәаз 1934 шықәса рзы ииз апациент. Иара ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра ӷәӷәала илаҽны дыҟан. Иҭагылазаашьа акыр ибааԥсын. Жьҭаара 31 ашьыжь иара иԥсҭазаара далҵит игәы-шьадатәи иԥсыԥлагаҩагаратәи зымхара иахҟьаны.

1942 шықәсазы ииз COVID-19 ззышьақәырӷәӷәаз апациенткагьы жьҭаара 31 рзы лыԥсҭазаара далҵит. Лара ахәышәтәырҭанҭыҵтәи ҩганктәи асубтоталтә полисегментартә гәыҵәкра лыман, иара убас егьырҭ асоматикатә чымазарақәагьы лцәа иалан.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0