Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аҭааҩцәа рыдкылараз аԥкыра аҿҳәара инахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 12 раахыс Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аамҭала аҭааҩцәа рыдкылара ԥнакит ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы.

АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аамҭала ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы аҭааҩцәа рыдкылара аԥкра аҿҳәара инахоит ҳәа аҳәоит аусбарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Абҵара 9 инаркны ихианы иҟоу аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рымацара рырҭалоит. Егьырҭ аконсултә маҵзурақәа мҩаԥыргом.

Хырԥашьа змам азҵаарақәа рҭак аиура алшоит абри аҭел ала: +7 840 226 03 91 ма аелектронтә ԥошьҭа: rusembsukhum@mail.ru.ала.

Уаанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аҭааҩцәа рыдкылара ԥнакхьан хәажәкырамзазы. Лаҵара 12 рзы аҟәша аусура хацыркын.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус рымоуп – 4302-ҩык. Ргәы бзиахахьеит 2314-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 42-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0