Амобилтә госпиталь жьҭаара 20 раахыс 100-ҩык рҟынӡа апациентцәа аднакылахьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ арратә амедусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы иаарту ахырхарҭарацәатә мобилтә госпиталь аҿы коронавирустә инфекциа COVID-19 зыдбалоу апациентцәа рыдкылара иаҿуп.

АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. Аҟәаҟа иааз Урыстәылатәи амобилтә госпиталь жьҭаара 20 раахыс 100-ҩык рҟынӡа апациентцәа аднакылахьеит, 17-ҩык қәҿиарала ихәышәтәны илырҩаахьеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Иахьатәи аамҭазы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы еиҿкаау ахырхарҭарацәатә мобилтә госпиталь аҿы акоронавирустә инфекциа COVID-19 зыдбалоу апациентцәа 58-ҩык шьҭоуп.

Ачымазцәа Ацхыраара ласы амашьынақәа рыла инаргоит аучасткатә ҳақьымцәеи аҭыԥантәи аҳақьымцәеи реицеиқәшаҳаҭрала.

Агоспиталь аус ауеижьҭеи 1,5 нызқь ПЦР-диагностика мҩаԥнагахьеит. Анализқәа нарышьҭуеит Аԥсны алабараториақәа рҟынтәи, аҭҵаарақәа рҭак уахь идырхынҳәуеит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы Аладатәи арратә округ аҟынтәи жьҭаара 19 рзы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0