Аԥсны даҽа 71 коронавирустә хҭыс ҿыц аарԥшуп уахыки-ҽнаки рыла

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова
Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа 4720-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә згәы бзиахаз рхыԥхьаӡара 2831 ыҟоуп, зыԥсҭазаара иалҵыз – 51.

АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 456 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 71 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иаанацҳауеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара дшалҵыз 1954 шықәсазы ииз апациент. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 4 рзы даара дхьанҭаны, ҩ-ганкахьала агәаҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, абҵара 7 рзы аԥҳәыс лыдунеи лыԥсахит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 127-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 107-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык, илҩаауп ԥшьҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 32-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" иахьаҵанакуа иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 46-ҩык апациентцәа. 43-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0