Аԥсны раԥхьаӡа акәны ашьа аплазма ахархәара арҭеит COVID ахәышәтәразы

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аплазма адонорс дҟалар илшоит дарбанызаалак COVID-19 зыхьхьоу, 18 шықәса еиҵам, 55 шықәса еиҳам.

АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Илана Амқәабԥҳа. Аԥсны раԥхьаӡа акәны ашьа аплазма ахархәара арҭеит COVID-19 ахәышәтәразы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-анестезиолог-ареаниматолог Мадина Дасаниаԥҳа.

"Сара ари аметод схы иасырхәеит аҭаацәа рыҳәарала. Апациент иеиқәырхаразы иалшо зегь ԥышәатәын. Рыҳәара мап ацәаҳамкит. Аха макьаназы апациент иҭагылазаашьа шыҟоу иҟоуп, акыр ихьанҭоуп", - лҳәеит лара.

COVID-19 ахәышәтәразы ари апроцедура ԥхьаҟагьы ахархәара алшоит. Дасаниаԥҳа лажәақәа рыла уи азы ашьеилаҭәарҭа астанциеи адонари роуп иаҭахны иҟоу.

Новый амбулаторный центр для ковидных пациентов  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаадыртит амбулатортә центр аковид пациентцәа рзы

"Иҟоуп атеориа згәы бзиахаз риммуннтә система аҿкыра иаиааиуеит, ацәеижьҿагылақәа аанахәоит ҳәа, згәы бзиоу адонар ицәеижьҿагыла ачымазаҩ иахь ииаугар урҭ уи ицәеижь аҿы авирус иаҿагыланы иқәԥоит ҳәа", - еиҭалҳәоит Дасаниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит ари атерапиа еицҿакрыла ишрыдкылам.

"Аха ауаҩы иеиқәырхаразы ухы иаумырхәашеи. Сара уи цәгьарак адызбалом. Ҳәарада аплазма аҽаӡәы илаҳҵаанӡа ишьақәыргылатәуп адонар иҭагылазаашьа, ВИЧ, гепатит B, C имоу имаму", - лҳәеит лара.

Аԥсуа гематолог Џьульетта Какәбааԥҳа илҳәеит COVID-19 зхызгаз ишьа аплазма аҽаӡәы илаҭәара адунеи зегьы аҿы ишымҩаԥырго.

"Агәабзиара ашьақәгылара алшарақәа ҳаракуп. Аха аԥхьа ацәеижьҿагылақәа рхыԥхьаӡара еилкаатәуп. Уи ауаҩы ииммунитет иадҳәалоуп", - лҳәеит лара.

Аепидемиа иаалагазар Аԥсны акоронавирус рзышьақәыргылоуп 4,5 нызқьҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0