2021 шықәсазы Ахылаԥшратә палата аныҟәгара иазоужьуп 31 миллион мааҭ

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 1000, 2000 и 5000 рублей.
Банкноты номиналом 1000, 2000 и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахылаԥшратә палата аштаттә еихшанҵа инақәыршәаны иазԥхьагәаҭоуп акқәа 50.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Апарламент абҵара 12 рзы иаднакылеит ақәҵара "2021 шықәсазы Ахылаԥшратә палата аныҟәгаразы аԥаразоужьра аҳәаақәҵара".

2021 шықәсазы Ахылаԥшратә палата аныҟәгара иазоужьхоит 31 миллионки бжаки мааҭ. Ари ахыԥхьаӡара 2020 шықәсазтәи аныхрақәа рысмета иҭыҵуам ҳәа лҳәеит абиуџьет азы аилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа.

Лколлегацәа аныхрақәа ирыцлоу ирыгхо ҳәа рызҵаара аҭакс лара илҳәеит миллион мааҭ рыла ишеиҵахаз.

Ахылаԥшратә палата аштат акқәа 50 амоуп. 2021 шықәсазы ауалафахәы азы ишәахоит 21 миллиони 574 нызқь мааҭ. Аусурақәеи амаҵзурақәеи рыхәшәара иазырхахоит 6 миллионки 804 нызқьмааҭ. Егьырҭ аныхрақәа – 70 000 мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0