Афымцалашара арцәара ахәышәтәырҭақәа ишырныԥшуа

Анапаҵаҩра
Абҵара 15, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит ишьақәыргылоу аграфик инақәыршәаны.

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара ахәышәтәырҭақәа русура анырра анаҭоит, еиҳарак акоронавирус ззышьақәырӷәӷәоу апациентцәа ахьыҟоу.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, афымца арцәара амедицинатә маругақәа бжьнахыр ҟалоит, адизельтә генератор цхыраагӡас ишрымоугьы.

Лампочка  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит

"Ҳусура ианымԥшырц залшаӡом, иара усгьы ианыԥшуеит. Агенератор аҿалаанӡа ҳаппаратура зегьы русура аанкылоит. Ас иҿало-иҿыҵуа иҟалар ҳмаругақәа ԥхасҭахоит", - иҳәеит иара.

Шамба иҳәеит афымцамч аусзуҩцәа дрықәгәыӷуеит амедицинатә аппаратқәа агенератор аҿалаанӡа русура еиламгартә еиԥш аҟаҵара рылшап ҳәа.

Ацхыраагӡа рымоуп Гагратәи ахәышәтәырҭаҿгьы, иааиԥмырҟьаӡакәа алашара ҟалоит аҟәшақәа зегьы рҿы, агенератор уи еиԥш амч амоуп иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын.

"Агенератор сааҭк ахы-аҵыхәала 70 литра асолиарка абылуеит. Уи аҟара ахарџь аиура ҳалшартә ҳаҟам, аха ахәышәтәырҭа афымцалашарада иаанхар ҟалом. Араион ахадара азҵаара аӡбараҿы иҳацхраап ҳәа ҳгәыӷуеит, абылтәы инеиҳаны иҳарҭалап", - ҳәа иҳәоит Аргәын.

Аргәын дгәыӷуеит араион ахадара ахәышәтәырҭа фымцалашарада иаанрыжьрам ҳәа.

Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҟны ааигәа иқәдыргылеит адизельтә генератор, уи азы афымцалашара арцәара ҳусура уамак ианыԥшуам, ҳәа иҳәеит аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа.

"80 киловатт иҟоу агенератор ҳзықәдыргылеит хымчыбжь раԥхьа, уи амч ахәышәтәырҭа зегьы иазхоит", - азгәеиҭеит иара.

Аҿкы чымазара зыдбало рзы Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҟны иаартуп иҷыдоу аҟәша, аха афымца еиԥҟьарада аҟазааразы еиқәшәам, уи ахәышәтәырҭа зегьы аусура ианымԥшырц залшом, лҳәеит аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла араион анапхгара ирдыруеит иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.

Кьышьмариаԥҳа илҳәеит, аҟәша ҷыда 27 ҭыԥ рыла ишеиқәыршәо, иахьазы уаҟа рҽырхәышәтәуеит 18-ҩык.

Тестирование на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
COVID-19 змоу ачымазцәа рзы иҷыдоу аҟәша аартхоит Тҟәарчал

Тҟәарчалтәи аполиклиникаҟны иаартхоит акоронавирус зыдбало рзы аҿкытә ҟәша иааиуа амчыбжь азы, лҳәеит Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәлиа. Араҟагьы, адизельтә генератор ашьақәыргылара азԥхьагәаҭам.

Абҵара 15, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала алашара дырцәалоит уахыки-ҽнаки рыла хынтә.

Аграфик алагалоуп "Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә система аусура аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа рзы" Адҵа инақәыршәаны. Уа ҷыдала иҳәоуп афымцамч изакәанымкәа зҽаԥызшьуа ахархәаҩцәа раарԥшразы агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцырҵаларц, анаҩс урҭ Аԥсны афымцамчтә система уаҳа аҽаԥшьра рылымшартә еиԥш иаҿырхларц азы.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла, Аԥсны афымцацәаҳәақәа ажәит, рҭагылазаашьа нагарҭа амамкәа ибааԥсуп, арахь афымцамч ахархәара есышықәса иацлоит 5-9% рыла, уи иахҟьаны уажәы иҟоу амчхара азхом иахьатәи аамҭазы ахархәара змоу афымцалашаразгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0